Аԥсны ишьақәырӷәӷәоуп аԥсыӡкра аамҭазы акамшьиа акразы аквота

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ишьақәырӷәӷәоуп аԥсыӡкра аамҭазы акамшьиа акразы аквота
Аԥсны ишьақәырӷәӷәоуп аԥсыӡкра аамҭазы акамшьиа акразы аквота - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акамшьиа акра иалагоит ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмзазы, ихыркәшахоит иааиуа ашықәс жәабран-хәыжәкыра амзақәа рзы.

АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. 2020-2021 шықәсқәа рзы Аԥсны азин ыҟоуп 42 тонна акамшьиа акра, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа, аԥсыӡкра азҵаарақәа ирызкны имҩаԥгаз аилатәара ашьҭахь

Амиран Какалия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Какалиа: ҳәынҭқарраны ҳаныҟала - аԥсыӡкра иадҳәалоу анормақәа наҳагӡароуп

Азово-мшынеиқәатә акомиссиа, уахь иалоуп урыстәылатәи аԥснытәи аспециалистцәа, дара Аԥсны иахьаԥну агаҿаҟны аԥсыӡ акразы аквотақәа есышықәса есышықәса ишьақәдыргылоит.

"Акомиссиа ирыдыркылеит аӡбра Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраӡқәа иахьрыҵаркуа акамшьиа 42 000 тонна иреиҳамкәа иркларц. Азово-мшынеиқәатә аекологиатә институт аҟазаауаа ҳаекологиа аинстиут ахь ашҟәы аарышьҭит, уаҟа иаҳәоит ари алимит аԥсыӡ аҿиара иаԥырхагам ҳәа", - иҳәоит Џьапуа.

Аминистр иҳәеит, сынтәатәи аквота ԥшьнызқь тонна рыла ҵыԥхтәи аасҭа ишеиҳау.

Иара убас аилатәараҿы иалацәажәан аԥсыӡкыҩцәа зықәныҟәаша аԥҟарақәеи, ашхәақәа рхыԥхьаӡареи, аӷбақәа рхы иадырхәо акаҭа ҷыдақәа ракәзар шакәу.

2020-2021 шықәсазтәи Аԥсны ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭа хацыркхоит ԥхынҷкәынмзазы, ихыркәшахоит хәажәкыразы. Аԥсны акамшьиа акреи аусеиҭадулареи рнапы алакуп азауадқәа быжьба ыҟоуп, хәба - Очамчыра, Аҟәа-ҩба. Атәылаҟны аус руеит аԥсыӡааӡарҭақәа хәба, уаҟа ирааӡоит аԥсыӡ хкқәа рацәаны. Џьапуа иҳәеит, аҳәынҭқарра ишоунашьҭуа 12 миллион дара рыцхырааразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0