Аԥсны 41-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5065-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3466-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 61-ҩык.

АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы атестқәа 248-ҩык ирзыҟаҵан, урҭ рахьтә 41-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абҵара 13 рзы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы лыԥсҭазаара далҵит 1943 шықәсазы ииз акоронавирус адиагноз ззышьақәырӷәӷәаз апациент, лара аҿкчымазаратә ҟәша дҭашәеит жьҭаара 21 рзы. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы лдунеи лыԥсахит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 92-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 81-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 29-ҩык, илҩаауп 12-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 35-ҩык апациентцәа.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 32-ҩык апациентцәа. 28-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0