Гагра уахыки-ҽнаки ӡыда иаанхоит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКран
Кран - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса жьҭаарамзазы Гагра, Кемпинг араион аҿы хышә метра иҟаз аӡымҩангага рыԥсахит.

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Аӡыҭгага станциа "Репруа-1" аҿы аркыга хада ахьыбжьысыз азы уи аԥсахра ахьрықәшәаз азы аӡы аанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Гагра ақалақь аӡыканал.

Уажәы астанциаҿы аусурақәа ирҿуп. Аӡы аушьҭхоит абҵара 17, аҩаша ҳәа аарыцҳауеит адырраҭараҿы.

Уаанӡа Sputnik аинтервиу азҭаз Гагра ахадара ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа аиҳабы Роман Чагәаа иҳәеит ақалақь аҿы аӡоушьҭра аҭагылазаашьа акыр ишбааԥсу. Иара ишиҳәо ала, иажәхьоу аӡымҩангагақәа рыдагьы аӡыҭгагақәагьы акыр иқәсхьеит. Шықәсқәак раԥхьа аремонт зызуз аӡеизакырҭагьы ашьшьара аиуит.

Гагра аӡы графикла ироуеит ҩба-хԥа сааҭ мышкы аҩнуҵҟа. Ауаа ари аҭагылазаашьа агәынамӡара рнаҭоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0