Аслан Бжьаниа Башар Асад дидышшылеит Уалид Муаллем иԥсҭазаара иалҵра инамаданы

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Абхазии Аслан Бжания во время пресс-конференции.
Президент Абхазии Аслан Бжания во время пресс-конференции. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи Арабтә республика аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид Муаллем 79 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит абҵара 16 рзы.

АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар Асад ихьӡала адышшыларатә шәҟәы ишьҭит Шьамтәылатәи Арабтә республика аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид Муаллем иԥсҭазаара иалҵра инадҳәаланы.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлари, хаҭала сара сыхьӡалеи Шәареи Шьамтәыла ажәлар зегьи ҳшәыдышшылоит Шьамтәылатәи Арабтә республика аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзи аминистр Уалид аль-Муаллем иԥсҭазаара иалҵра инадҳәаланы. Уалид аль-Муаллем иԥсҭазаара зегьы Аԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчаразы иҿырԥшыганы иҟан", - ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.

Иара убас ҷыдала иазгәаҭоуп Аԥсны ахәшьара ҳарак аҭаны ишырыԥхьаӡоз Муаллем иҩызара.

Шьамтәылатәи Арабтә республика аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид Муаллем 79 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит абҵара 16 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0