"Амшынеиқәафымцамч": Урыстәылантәи алашара ҳауа ҳалагаанӡа графикла иҳарцәалоит

CC0 / / Электрическая лампочка
Электрическая лампочка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АУН "Амшынеиқәафымцамч" адҵала ареспублика иахьаҵанакуа афымцалашара дырцәалоит аграфик инақәыршәаны хынтә.

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Ареспубликаҿ афымцалашара арцәара аграфик ыҟазаауеит Урыстәылантәи алашара ҳауа ҳалагаанӡа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аоператив-диспетчертә маҵзура Гәырам Џьаџьаиа.

Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик - Sputnik Аҧсны
Уахыки-ҽнаки рыла хынтә: афымцалашара арцәара аграфик

Афымцалашара Урыстәылантәи аиура иалнаршоит афымцатә цәаҳәақәа аидара раҵхра, аха астанциа маҷқәа ахьанҭара шрымоу иаанхоит. Еиҳа ауадаҩрақәа ахьыҟоу астанциа маҷқәа рҟны алашаратә ԥкра шыҟоу иаанхар алшоит ҳәа иҳәоит аҟазауаҩ.

"Ацәаҳәа ахы иақәиҭаҳтәуеит, аха атрансформатортә станциақәа рҿы амчра азхом, убри азы аԥкырақәа аанхар ауеит. Ус шакәугьы, узыргәаҟша аҭагылазаашьақәа ҟалом", - ҳәа иҳәеит иара.

Гәырам Џьаџьаиа иажәақәа рыла, аграфик алагалахеит ареспубликаҿы амаининг аҟазаара иахырҟьаны. Аграфик алагалахазар ҩ-миллионки 200 нызқь киловатт-сааҭ уахык ала аекономиа ҟаҵоуп.

"Ҵыԥх алашара ахархәара абҵарамзазы иартәеит 6,4 миллион киловатт-сааҭ уахыки-ҽнаки рыла. Сынтәа - 9,4 миллион киловатт-сааҭ. Аграфик алагалахазар, ҩ-миллионки 200 нызқь киловатт-сааҭ уахык ала аекономиа ҟаҵоуп", - иҳәеит иара.

Аҟазауаҩ иазгәеиҭеит 2019 шықәса иаҿырԥшны сынтәа ахархәара 19% ишацлаз, убри азы шакәу аграфик залагалахаз.

Афымцалашара анашьҭраан автоматика амчхара ашьҭыҵра, атәара иахьӡаӡом ҳәа иҳәеит иара.

Дизель-генератор   - Sputnik Аҧсны
Афымцалашара арцәара ахәышәтәырҭақәа ишырныԥшуа

"Минуҭк, минуҭки бжаки аҭахуп аҷаԥшьаҩ афымцамчхара шьақәиртәаанӡа. Ҳсистема напыла ишьақәҳартәоит, автоматикатәӡам", - иҳәеит аоператив-диспетчертә маҵзура аиҳабы.

Убри азы аҩнтәи атехника заанаҵы иаҿыхлатәуп.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адҵала ареспублика иахьаҵанакуа афымцалашара дырцәалоит хынтә аграфик инақәыршәаны.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла, Аԥсны есышықәса иазҳауеит афымцамч ахархәара 5−9% рыла. Иҟоу алшарақәа азхаӡом. Афымцатә ҳақәа зегьы ажәуп. 2021 шықәсазы ЕгрыГЕС анаанкылахо Урыстәылантәи афымцалашара ҳаулоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0