Бжьаниа ЕгрыГЕС аремонт аан урыстәылатәи афымцалашара ахәԥса заҟа ҟало атәы иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИнгур ГЭС
Ингур ГЭС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы еиҭеиҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путини иареи реиԥылара шымҩаԥысыз.

АҞӘА, абҵара 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ацхыраара анаҭоит ЕгрыГЕС аҿы аремонттә усурақәа рымҩаԥысраан. Абри атәы иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.

"Иааиуа ашықәс ааԥынразы ЕгрыГЕС астанциа аанкылахоит. Аусурақәа цонаҵы афымцалашара ҳҭаххоит. Урыстәыла ацхыраара ҳнаҭоит. Афымцамч ахәԥса иартәараны иҟоуп миллиардки бжаки рҟынӡа мааҭ. Уи адагьы иҟоуп иҳақәу ауал. Иааидкыланы ҩ-миллиардк рҟынӡа артәоит. Владимир Путин иҳәеит фымцалашарада ҳшаанырмыжьуа", - иҳәеит атәыла ахада.

Иара иазгәеиҭеит уаанӡатәи аашьҭрақәа рзы Аԥсны 600 миллион мааҭ ауал шақәу.

"Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа, жәабран, хәажәкыра амзақәа рзы 600 миллион мааҭ ҳзымшәацкәа иҳақәуп. Егры ГЕС аҟынтәи иҳаураны иҟаз афымцамч ҳхы иаҳархәахьеит. Уажәы уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа инархырҳәҳәаны ахархәара ҳаҿуп", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Лампочка  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит

Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит абҵара 15 рзы. Ареспублика иахьаҵанакуа иалагалоуп арцәара аграфик – уахыки-ҽнаки рыла хынтә, ҩба-ҩба сааҭ.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла Аԥсны иахьаҵанакуа афымцамч ахархәара 5−9% еиҳахеит. Афымцаҳақәа акыр иажәхьеит, ирықәу аидара рзышьҭыхуам. 2021 шықәсазы ЕгрыГЕС аанкылараан Урыстәылантәи афымцалашара ҳауа ҳалагоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0