COVID-19 змоу апациентцәа рзы Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы аҟәша ҷыдақәа аадыртуеит

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка к открытию ковид-госпиталя в Красноярске
Подготовка к открытию ковид-госпиталя в Красноярске - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара алагамҭаз Гагратәи ахәышәтәырҭа ахәыҷтәы ҟәшаҿы иазырхиан акоронавирустә инфекциа змоу рзы аҭыԥқәа.

АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik, Бадри Есиава. Акоронавирустә инфекциа змоу рзы ахәышәтәырҭа актәи аихагылаҿы 18 ҭыԥ аздырхиоит ҳәа иҳәеит аҳақьым хада Виачеслав Аргәын.

"Амчыбжь нҵәаанӡа иазыԥхьагәаҳҭоит авирус змоу ачымазцәа рзы аҩбатәи аҟәшагьы аартра. Аҭыԥ-цҵақәа еиҿаҳкаауеит ахәышәтәырҭа актәи аихагылаҿы, уаанӡа аҿкчымазаратә ҟәша ахьыҟаз", - иҳәеит иара.

Аргәын иара убасгьы иҳәеит апациентцәа рыдкыларазы аҟәша ҿыц еиҭакын: хазтәи аҩналарҭа, ачымазцәеи аҳақьымцәеи рзы хаз-хазтәи ашьышьмаҭрақәа еиҿкаан. Убри аан иара игәаанагарала аӡынра ааир арҭ аҭыԥқәа азымхар ҟалоит.

Абҵара 23 азтәи адыррақәа рыла ахәышәтәырҭа иҭоуп 33 пациент адиагноз COVID-19 ззышьақәыргыло.

Иахьазы Аԥсны иаарԥшуп акоронавирус змоу 5380-ҩык. Ргәы бзиахахьеит 3616-ҩык. Рыԥсҭазаара иалҵит 68-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0