Апоет, апрозаик, аиҭагаҩ ҟаимаҭ: Никәала Кәыҵниа игәаларшәаразы

© SputnikНиколай Квициния
Николай Квициния  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
83 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит еицырдыруа аҧсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апрозаик, аиҭагаҩ Никәала Кәыҵниа.

АҞӘА, абҵара 24- Sputnik. Наала Гәымԥҳа. Аҧсуа литература аҿиара,аизҳара шьаҟас иаҵагылаз, ашәҟәыҩҩы, апоет,апрозаик Никәала Кәыҵниа иҧсҭаазара далҵит 83 шықәса дшырҭагылаз.

Виталий Амаршан - Sputnik Аҧсны
Аҩыза игәаларшәара: Витали Амаршьан изы ажәа

Никәала Кәыҵниа изааигәаз, аус ицызуаз гәалсра дула ирыдыркылеит иҧсҭазаара иалҵра.

Аҧсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иԥхаз иҩыза дигәаларшәо иҳәоит, Никәала Кәыҵниа иҧсҭазаара зегьы Аҧсуа литература амаҵура иазикит ҳәа.

"Иаалырҟьаны дҳаҧхеит ҳаҧсуа литература аҧызҵаз, активла уи иалахәыз апоет, апрозаик, аиҭагаҩ ҟаимаҭ Никәала Кәыҵниа. Никәалеи сареи даара ҳаиҩызцәа гәакьақәан. Исгәалашәоит, 50 ашықәсқәа раан иара,сара, Џьума Аҳәба аҵара анеицаҳҵоз Аҟәатәи арҵаҩратә училишье аҟны. Убасҟантәи аҧхьаҩцәа рыбжьара еицырдыруан Никәала иаҧиҵаз ипоеизиатә цәаҳәақәа. Никәала Кәыҵниа иҧсҭазаара зегьы Аҧсуа литература амаҵура иазикит", - иҳәеит Мушьни Лашәриа.

Кәыҵниа ирҿиамҭақәа рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп раҧхьаӡа акәны иара иаҧшьеигаз аклассикатә ҟазшьа змоу аҩымҭақәа - ассонетқәа. Мушьни Лашәриа иажәақәа рыла, Никәала Кәыҵниа дахьӡеит иҩымҭақәа жәа-томк рҭыжьра.

Лашәриа иазгәеиҭеит, Никәала Кәыҵниа уаҩҧсык, шәҟәыҩҩык иаҳасабала, иреиӷьыз ҳаҧсуа рҿиаҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа дреиуан ҳәа.

Рушбей Смыр  - Sputnik Аҧсны
Ахьы лазҵоз апоет: Рушьбеи Смыр игәалашәара иазкны

Абиҧара аиҳабацәа иреиуаз апоет, апрозаик, аиҭагаҩ Никәала Кәыҵниа иҧсҭазаара иалҵра цәыӡ дууп аҧсуа милаҭ литературеи, амилаҭ культуреи рзы, иҳәеит Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу.

"Аиҳабыратә абиҧара иреиуаз иакәын Никәала Кәыҵниа ажурнал "Алашара" акыр шықәса инеиҧынкыланы редакторс даман, Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла напхгаҩыс дыҟан. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Никәала Кәыҵниа иабиҧара иаҵанакуаз ашәҟәыҩҩцәа Џьума Аҳәба, Витали Амаршьан, қәрала ҧыҭк иреиҵбыз Рушьбеи Смыр рыҧсҭазаара ралҵра, ҳаҧсуа литературазы аҩаӡара иатәу цәыӡуп. Уи хьааны иҳадаҳкылеит зегьы", - иҳәеит Вахтанг Аҧҳазоу.

Никәала Кәыҵниа диит март 13 1938 шықәса рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭа. Дравторуп 10 томк аҩымҭақәа: ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа. 20 шықәса аус иуан ажурнал "Алашара" редактор хадас, иара убас Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла дахантәаҩын.

Джума Ахуба - Sputnik Аҧсны
Зыжәлар рыгәҭа игылаз ашәҟәыҩҩы: Џьума Аҳәба изкны

Раҧхьаӡа акьыҧхь ахь дцәырҵит 1955 шықәса инаркны. Иажәеинраалақәа реизга "Аӡахәа" ,"Наунагӡа", "Арҭ ашықәсқәа", "Ақәа анлеиуа". Ипрозатә ҩымҭақәа ароман "Ашьа ицаша" "Алашә иблақәа аныхты" "Аҧшатлакә". Ишәҟәы "Акырц ашьҭахь" еиднакылеит аповести, ажәабжьқәеи "Иахьагьы, уаҵәгьы уаҵәашьҭахьгьы", "Аҿыхара", "Аныҳәа", "Аӡиас".

Ирҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", "Аҧсны", "Советская Абхазия", "Республика Абхазия", "Еҵәаџьаа", "Литературная газета" (Москва); аизгақәа "Ерцаху".

Ажәабжьқәа зегьы
0