Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра: абҵарамзазы COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара тәеит

© SputnikМинистерстве здравоохранения Абзазии
Министерстве здравоохранения Абзазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб агәабзиарахьчара аусхк ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчара азҵаара алацәажәаразы.

АҞӘА, абҵара 26- Sputnik. Абҵарамзатәи арбагақәа рыла COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара 50% илаҟәит ҳәа иҳәеит аилацәажәараҿы Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Убас, жьҭаарамзазы 2831 хҭыс азгәаҭан, 1 - 24 абҵарамзазы – 1343 хҭыс.

Аминистрра адыррақәа рыла иҭҵаан 9,7% ауааԥсыра (23 878-ҩык), урҭ рҟынтәи 23,8% авирус рыдбалан. Апандемиа иаалагеижьҭеи 2,3% (5699-ҩык) чмазцәахеит.

Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит акоронавирус иахҟьаны иԥсыз рхыԥхьаӡара 1,2 % инаӡоит ичмазцәахаз рҟынтәи, ргәабзиара шьақәгылеит 76,6%.

Минздрав Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсны акоронавирус аплато ахь ицәырҵит

Аоперативтәи Акоординациатәи штабқәа абжьгара ҟарҵеит аԥкыратә уснагӡатәқәа ирыцҵазарц. Асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик ишылҳәо ала уи иалнаршоит аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭара.

Скорик лажәақәа рыла, реиҳа ишәарҭоу рахь иаҵанакуеит 60 шықәса ирҭысхьоу. Лара урҭ ирабжьылгеит ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы рхы иашьклаԥшларц, аимҳәаамҭазы алаҵа ҟарҵаларц.

Аминистр иҳәеит ахыхьчагақәа, ахәшәқәа, адиагностикатә мыругақәа раахәаразы аилаӡарақәа шымҩаԥго.

Александр Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит амедицинатә усҳәарҭақәа 2021 шықәса ажьырныҳәа-жәабран амзақәа рзы реиқәыршәара аиҿкаара аус адыруларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0