Аԥсны арратә комиссар: иахьа аррамаҵзура ахысра аҳаҭыр лаҟәит

Анапаҵаҩра
Аԥсны аррамаҵзурахь инарыԥхьоит 18 – 27 шықәса зхыҵуа. Ҭагалантәи арранаԥхьаратә ауснагӡатә аан 2020 шықәса рзы аррахь инаԥхьан 330-ҩык.

АҞӘА, абҵара 30– Sputnik. Ҭагалантәи арранаԥхьаратә кампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа ар рахь инаԥхьахоит 65 процент ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны арратә комиссар Беслан Ҭарба.

"Ари хыԥхьаӡара маҷуп. Ҵыԥхгьы ус акәын ишыҟаз.  Аҿар аррамаҵзура рацәак ргәы аҳәом. Сгәанала ахара зду аҭаацәа роуп. Изныкымкәа иҩынтәымкәа анаԥхьара раҳамҭакәа акомиссиахь иааиуам", - иҳәоит иара.

Ҭарба иажәақәа рыла аҿар абжьаратә школ ашьҭахь иреиҳау аҵарахь рхы дырхоит.

"Аррамаҵзура аҳаҭыр лаҟәит. Ирацәаҩуп иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭало. Бакалавриат ашьҭахь амагистратуахь ицоит, нас –аспирантурахь. Абарҭ рышьҭахь шықәсыла арра иаҵанакуам", - иҳәоит иара.

Присяга в министерстве обороны Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аррамаҵурагьы ԥшыр акәхеит: Аԥсны аррахь анаԥхьара аҿҳәара инахоит

Ҭарба иажәақәа рыла арра мап ацәызкуа рганахь ала азакәан рӷәӷәатәуп. Иахьазы ахараԥса 300 мааҭ артәоит.

Арратә комиссар иҳәоит ҿарԥас аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҟазҵо шыҟоу, аха ар рҿы аԥкырақәа зегьы ирықәныҟәоит ҳәа азгәеиҭоит иара.

Арратә комиссар иажәақәа рыла 2020 шықәсазы ҭагалантәи арранаԥхьара жьҭаарамзазы иалагар акәын, аха аепидемилогиатә ҭагылазаашьа аицәахара иахҟьаны абҵарамзахь ииаган. Ауснагӡатә хыркәшахоит ԥхынҷкәын 22 рзы, аха аусқәа шцо ала аамҭа инахахоит.

Жьҭаара 1 азы атәыла ахада Аслан Бжьаниа 2020 шықәса жьҭаара-ԥхынҷкәын рзы атәылауаа арра рнаԥхьарази арра иҟоу роушьҭрази аусдҵа инапы аҵеиҩит.

Аԥсны аррамаҵзурахь инарыԥхьоит 18 – 27 шықәса зхыҵуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0