Жьҭаарамзатәи аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарақәеи рыҭахоит ԥхынҷкәын 4 рҟынӡа

© Sputnik / Тарас Литвиненко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарақәеи зауа рхыхьаӡара 46 нызқьи 791-ҩык инаӡоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik, Илана Амқәабԥҳа. Жьҭаарамзатәи аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарақәеи измауц араионқәа рыҭара иалагоит иааиуа амчыбжь азы, абри атәы иҳәеит Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

"Гагреи, Гәылрыԥшьи, Гал араионқәа рыда жьҭаарамзазы егьырҭ зегьы ашәарақәа мҩаԥаагеит. Ҳазҭоу амчыбжь иалагӡаны арҭ араионқәагьы ирыҭахоит, анаҩсан абҵарамзатәи рыҭара хацҳаркуеит. Ишаԥу еиԥш ҳалагоит Аҟәеи, Аҟәа араиони рыла", - иҳәеит Гәылариа.

Гәылариа иажәақәа рыла, атәанчахәи аԥаратә цхыраагӡақәеи еихшоу акатегориақәа рыла. Раԥхьатәи акатегориа иаҵанакуеит Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи, иҭахаз рҭаацәарақәеи.

Атәылаҿы атәанчахәи аԥаратә цхыраагӡақәеи роуеит зынӡа 44 791-ҩык ауааԥсыра 39 категориа рыла, урҭ рахьтә 29 нызқьҩык раҟара – рықәрала атәанчахәы зауа роуп. Жьҭаарамзатәи азы ирзоушьҭхоит 92 миллион мааҭ рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0