Путин адҵа ҟаиҵеит COVID-19 азы алаҵаҟаҵара иалагарц иааиуа амчыбжь

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПутин адҵа ҟаиҵеит COVID-19 азы алаҵаҟаҵара иалагарц иааиуа амчыбжь
Путин адҵа ҟаиҵеит COVID-19 азы алаҵаҟаҵара иалагарц иааиуа амчыбжь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алаҵа аҟаҵара иалагахьеит ашәарҭа иҭагылоу ауаа рыбжьара, уахь иаҵанакуеит амедусзуҩцәа, арҵаҩцәа, зықәра ирҭысхьоу абыргцәа, иара убас ашьақар чымазара змоуи, зшьақәыӷәӷәара ҳаракуи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аԥыза-министр Татиана Голикова адҵа лиҭеит иааиуа амчыбжь азы мҽхакы ҭбаала акоронавирус хызҽуа алаҵаҟаҵара иалагарц азы.

"Издыруеит ҩ-миллионк инеиҳаны алаҵа адоза шҭрыжьхьоу, ма иҭрыжьраны иҟоуп абарҭ амшқәа рзы. Ари аҩыза алҵшәа алшара ҳнаҭуеит урыстәылауаа мҽхакы ҭбаала алаҵа рзыҟаҵара. Раԥхьа иргыланы аҳақьымцәеи, арҵаҩцәи", - иҳәеит Путин, хырхарҭарацәалатәи амедицинатә усҳәарҭа аартра иазкны имҩаԥгаз авидеоконференциаҿы.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы алаҵа ҟазҵаз миллионҩыла рхыԥхьаӡара еизҳауеит ҳәа. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иҳәахьан алаҵа хатәгәаԥхаралоуп ишыҟарҵо ҳәа.

Нанҳәамзазы Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалеит акоронавирустә ҿкы чымазара ҿыц (COVID-19) апрофилактиказы адунеи аҿы ираԥхьаӡатәиу алаҵа. Алаҵа аԥырҵеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рыҭҵаарадырратә центр аҟны. Алаҵа хьӡыс иарҭеит "Спутник V".

Ажәабжьқәа зегьы
0