Бжьаниа: COVID-19 аҿагылара иақәхарџьуп миллиардбжак аԥара

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 3 рзы Ауаажәларратә палатаҿ имҩаԥысит атәыла ахадеи, уи ихаҭыԥуаҩи злахәыз аилатәара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акоронавирус аҿагылара иазырхоу аԥаразоужьра миллиардбжак аҟны инеихьеит ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 3 рзы Ауаажәларратә палатаҿ имҩаԥысыз аилатәараҿ. Абри атәы аанацҳауеит Абаза ТВ.

Минздрав Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсны акоронавирус аплато ахь ицәырҵит

Арахь иаҵанакуеит аҳәынҭқарра аныхрақәа реиԥш ахатәхаҿқәа, ауаажәларратәи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рныхрақәагьы. Аԥкыратә уснагӡатәқәа дрылацәажәо ахада иҳәеит еиҳа ишәарҭам амҩа шалырхыз.

"Ҳәарада ахәыҷқәа ашкол ахь иахьымныҟәо ибзиоу акәым, аха ишәарҭоуи зынӡа ишәарҭоуи рыбжьара актәи алаҳхыр акәхеит",- иҳәеит Бжьаниа.

Иара иҳәеит авирус змоу рыхәышәтәразы аҳәынҭқарра ахахьы 90% шаго.

"Зны-зынла зыда ԥсыхәа ыҟам хәшәык анаахәатәхо ҟалалоит, аха аиҳарак ахарџьқәа аҳәынҭқарра ахахьы иагеит",- иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Ԥхынҷкәын 3 азтәи арбагақәа рыла ачымазара рылсхьеит 6313-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 84-ҩык,  ргәабзиара шьақәгылеит 4257 –ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>

Ажәабжьқәа зегьы
0