Аҵара апроблемақәа рыӡбразы: Аԥсны иаԥҵахоит арҵаҩцәа р-Ассоциациа

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Учитель года" Новосибирской области Татьяна Глиненко
Учитель года Новосибирской области Татьяна Глиненко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иаԥҵахоит арҵаҩцәа р-Ассоциациа аԥышәа аимдаразы, аҵараҿ иҟоу апроблемақәа рыӡбразы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арҵаҩцәа р-Ассоциациа аԥҵахоит иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" ахантәаҩы, Алаҳаӡытәи абжьаратә школ адиректор Саид Беиа.

"Ари аидеиа ҳазхәыцуеижьҭеи акрааҵуан, аха акарантинтә аамҭа ҳаиԥнаҟьеит. Арҵаҩцәеи ҳареи аилацәажәаха ҳмоуит, Гагра араион аҿы мацароуп аиԥыларақәа ахьымҩаԥаагаз", - иҳәеит иара.

Программа реформ Будущее Абхазии была разработана финалистами конкурса Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ареформақәа рымҩала: иӡыргоуп апрограмма "Аԥсны аԥеиԥш"

Атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалар ареспублика ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟны аиԥыларақәа мҩаԥаагоит ҳәа иҳәеит Беиа.

"Уажәы аҵаратә усхк акризис амоуп. Сгәы иаанагоит атәылаҿ реиҳа иконсервативтәу усхкуп ҳәа. Сызныруаз арҵаҩцәа реиҳараҩык ирҳәон аҽеидкылара шаҭаху. Абас ауп ассоциациа ацәырҵра аидеиа ахы шцәырнагаз", - иҳәеит иара.

Саид Беиа иазгәеиҭеит, аҵара аусхк аҿы иҟоу апроблемақәа реиҳарак рыӡыбра шалшоз ианаамҭаз арҵаҩцәеи анапхгареи аконсультациақәа мҩаԥыргозҭгьы.

"Сара асоциалтә ҳақәа рҿы адаҟьа аԥысҵеит. Уахь инасыԥхьон Аԥсны арҵаҩцәа. Агәыԥ аҿы шәҩык рҟынӡа ҳаҟоуп. Ари аинырратә, аԥышәеимдаратә ҭыԥ ауп. Аха ари аамҭалатәи ӡбароуп", - иҳәеит иара.

Беиа иара убасгьы иазгәеиҭеит, арҵаҩцәа рзы иҷыдоу аелектронтә платформа аус шадыруыло. Уаҟа арҵаратә методологиақәа реимдара алшоит.

"Ари аидеиа сазхәыцуеижьҭеи акрааҵуеит, аха аԥаразоужьра маҷымкәа иаҭахуп. Макьаназ иҳамоу ибиуджеттәу вариантуп – асоциалтә ҳақәа. Аелектронтә платформақәа ахархәара рымоуп Урыстәыла, Европа атәылақәа", - иҳәоит Беиа.

Ареспубликаҿ аҵарадырра аизырҳаразы иҿыцу аметодқәа ԥшаалатәуп ҳәа азгәеиҭоит Саид Беиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0