Асистема ҿыц: Аԥсны аҵара аминистр арҵаратә процесс далацәажәеит

CC0 / / Ученики в классе
Ученики в классе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ипресс-конференциа мҩаԥысит Аҟәа ԥхынҷкәын 4 рзы.

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа оффлаин арежим ала рҵара, арҵаратә система аԥеиԥш, ирыцәцаз ишахьӡатәу уҳәа Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы еиҳа иҵарны излацәажәо зҵаароуп ашколхәыҷқәа аҵарахьы рырхынҳәра. Аха ари азҵаара аҭак Аԥсны Аҵара аминистр Инал Габлиа макьаназ имам. Иара иажәақәа рыла зегь зыдҳәало аепидемиологиатә ҭагылазаашьоуп.

Учитель года Новосибирской области Татьяна Глиненко - Sputnik Аҧсны
Аҵара апроблемақәа рыӡбразы: Аԥсны иаԥҵахоит арҵаҩцәа р-Ассоциациа

Габлиа иҳәеит ареспубликаҿы 2021 шықәса ажьырныҳәа 12 рҟынӡа атәыла ахада иусдҵала ашколқәа русура шаанкылоу.

"Макьаназ аӡәгьы издырам 2021 шықәса ажьырныҳәамза 12 инаркны иҟалаша. Ичмазаҩу рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иазҳауеит. Иуҳәаша уздырам. Зегь ҳақәгәыӷуеит аҭагылазаашьа бзиаханы ашколқәа ааҳартып ҳәа" - иҳәеит иара.

Габлиа ишиҳәаз ала аминистрраҿы еиуеиԥшым арҵаратә процесс аиҿкаашьақәа ирылацәажәахьеит. Араионқәа рҟынтәгьы агәаанагарақәа ҳзаарышьҭхьеит. Иҟоуп изҳәо аклассқәа еихшаны аурокқәа мҩаԥгалатәуп ҳәа. Аха аминистр иажәақәа рыла ари аформа цәыббрамза ахархәара аман, аха ачымазарақәа аҭыԥ рыман.

"Иаадыруеит аҭаацәа ахәыҷқәа ашкол ахь ицар шырҭаху. Еилаҳкаауеит. Аха атәыла ахада аусдҵа ҭижьит – аԥкрақәа рыҿҳәара иациҵеит. Ҳара уи ҳақәныҟәалароуп. Аӡәгьы дымгәыӷааит акоронавирус дацәцар ауеит ҳәа. Зегьы ашәарҭадаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәалароуп", - иҳәеит Инал Габлиа.

Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҿы ашколқәа рдиректорцәа рҿаԥхьа адҵа ықәдыргылеит аҵара онлаин-формат ахь ииаргарц. Аурокқәа ишиашоу ицо аефир ала имҩаԥгалатәуп, усеиԥш алшара змам авидеоурокқәа рхы иадырхәалароуп.

"Арҵаҩы онлаин-урок изымҩаԥымгозар, аудио- ма авидеоурок мҩаԥигароуп. Усеиԥшгьы иамуазар аинтернет аҟынтәи авидеоурокқәа ихы иаирхәароуп. Иаҳҳәап иҟоуп: Яндекс-школа, аелектронтә школа", - иҳәеит аминистр, иагьациҵеит ашколқәа ацхыраара рҭахызар аминистрра шазыхио.

Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ажьиԥҳа Гагра адистанциатә ҵаразы: зықәра ыҟоу арҵаҩцәа иаҳа аҭакԥхықәра аадырԥшит

Ажурналистцәа иазгәарҭеит аҭаацәа зегьы еиԥшу алшарақәа шрымам ахәыҷы иахәҭоу техникала деиқәдыршәарц азы.

Инал Габлиа иҳәеит ахәыҷқәеи аҵаҩцәеи зегь рыла ишеиқәшәам шидыруа, ари апроблема аӡбразы аԥара рацәа шаҭаху. Иҳәеит атехника адкыларазы акциа шрыларҳәахьоу.

"Ҳара атехника аахәаразы аҳәаанырцәҟа ҳадиаспорақәа рахь ашәҟәқәа ҳашьҭхьеит. Аха макьана алшарақәа ыҟамзар акәхап", - иҳәеит иара.

Габлиа иҳәеит апандемиа аамҭаз атрадициатә ҵаратә форма ишзазымхынҳәуа.

"Акарантин аамҭалатәуп. Алеишәа ааҳарԥшыроуп. Ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа аҳаркит. Иахьынӡауала аԥҟарақәа ҳрықәныҟәалароуп. Аҭагылазаашьа шааиӷьхалак аҵаратә процесс иацаҳҵоит", - иҳәеит иара.

Арҵаратә система ҿыц

Аминистр игәаанагарала иахьазы иусхаданы иҟоу изхьымӡаз апрограмма аҽахьыгӡара акәым, арҵаратә система ҿыц аиҿкаароуп.

"Ихықәку хадоу аҵаратә программа ашьақәыргылароуп. Асистема амҩа ҿыц аҭатәуп. Уажәы уи амҩа ҳақәуп, маҷ-маҷ адистанциатә ҵарахь аиасразы. Акарантин анцәа иҳәоны инҵәар, ҳазыхынҳәуеит уаанӡатәи аҵара. Саргьы сақәшаҳаҭӡам ашколқәа раркра, аха иахьа уи ада ԥсыхәа ыҟам. Ажьырныҳәазы аҭагылазаашьа еиӷьхар ашколқәа рахь ҳцоит", - иҳәеит иара.

Инал Габлиа иазгәеиҭеит уаанӡагьы атренинг ҷыдақәа шымҩаԥыргахьаз арҵаҩцәа рзы.

Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа рсиа ианыхразы

Апресс-конференциаҿ Инал Габлиа ахҳәаа азиуит Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа рсиа ианыхра зыхҟьаз.

"Мзызны иамоу саргьы исыздырам. Ари асиа сананырҵозгьы заанаҵы аӡәгьы акгьы сеимҳәеит. Саналырхуазгьы убас. Маҷк иџьашьатәуп. Иагьиашам. Иагьҳаҭырқәҵарам", - иҳәеит иара.

Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ипресс-конференциа мҩаԥысит Аҟәа ԥхынҷкәын 4 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0