Аԥсны агрипп иаҿагылоу алаҵаҟаҵара иалагеит

© Sputnik / Ilya Pitalev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМедработник вводит вакцину от коронавируса "Спутник V" в прививочном пункте по вакцинации от COVID-19 в городской поликлинике в Москве
Медработник вводит вакцину от коронавируса Спутник V в прививочном пункте по вакцинации от COVID-19 в городской поликлинике в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агрипп иаҿагылоу изаамҭанытәиу алаҵа ҟарҵоит хатәгәаԥхарала, хәыда-ԥсада араионтә хәышәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҟны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра агрипп аҟынтәи алаҵа рзыҟарҵо иалагеит ашәахьа, ԥхынҷкәын 7 рзы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Атәылахь иаагоуп агрипп иаҿагылоу алаҵақәа 15 нызқь - урыстәылатәи ахәшәқәа "Ультрикс", "Совигрипп", урҭ аахәан агәабзиарахьчара аминистрра ахарџь ала.

"Амедусбарҭақәа шамахамзар зегьы алаҵа роухьеит, ауааԥсыра адырра рыҭара иаҿуп иааны алаҵа ҟарҵар шалшо", - абри атәы аалыцҳаит агәабзиарахьчара аминистрра ахәышәтәра-профилактикатә усбарҭа аспециалист хада Есма Гәниаԥҳа.

Гәниаԥҳа излалҳәаз ала, ари алаҵа фышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа инадыркны адуцәагьы ирызкуп.

"Алаҵа аныҟарҵалак ашьҭахь 7-14 мшы анҵлак ауаҩы иҿы агрипп иаҿагылоу аиммунитет цәырҵуеит, уи амч амазаауеит шықәсык аҩнуҵҟа", - ҳәа азгәалҭеит аспециалист.

Вакцинация против вируса гриппа в детской поликлинике  - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа иаашьҭуп ҩ-нызқь доза аимҳәазы алаҵа

Ашколқәа рҟны алаҵаҟаҵара ҟалоит етап-етапла, акоронавирус иахҟьаны иалагалоу аԥкрақәа ирықәныҟәаны. Ашколтә медиаҳәшьцәа ашколхәыҷқәа гәыԥ-гәыԥла еизылгалоит, иаҳа еиҵбоу ахәыҷқәа аполиклиникақәа рҟны иҟарҵалоит ҳәа инаҵылшьит Гәниаԥҳа.

Аԥсныҟа ҩ-нызқь доза аимҳәазы алаҵақәа "Ультрикси" "Совигриппи" ашьҭын абҵарамзазы.

2020 шықәсазы асезонтә еимҳәа алаҵа жьҭаарамзазы иҟарҵараны иҟан, аха урыстәылатәи алаҵа ҭзыжьуа азауадқәа ианаамҭаз иахьахьымӡаз азы аграфик еиҭагахеит.

Алаҵа аашьҭра аамҭа хьшәахеит избанзар Урыстәыла ақәҵара ҭыҵит 60 процент ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵазарц азы. Азауадқәа аминистрра адырра арҭеит убри азы алаҵа аашьҭра аграфик шеиҭаҵуазы.

Алаҵа изҭаху зегьы хатәгәаԥхарала аполиклиникаҿ инеины хәыда-ԥсада иҟарҵар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0