Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аофициалтә хаҭарнак диԥылеит

© Foto / официальный сайт Президента Республики Абхазия Президент Абхазии Аслан Бжания принял полковника Александра Опарина
Президент Абхазии Аслан Бжания принял полковника Александра Опарина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аофициалтә хаҭарнакс Аԥсны иҟаз аполковник Александр Опарин ара иҟазаара аҿҳәара хыркәшоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 7 рзы дидикылеит Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аофициалтә хаҭарнакс Аԥсны иҟаз аполковник Александр Опарин. Ари аҭыԥ аҿы иара диԥсахуеит аполковник Александр Соболь ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Аслан Бжьаниа Александр Опарин иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны ашәарҭадара аиҿкаараҿы илагаламҭаз. Ҳамҭас ииҭеит аԥсуа милаҭтә хаҵа́́ – ахҭырԥа.

"Александр Владимир-иԥа, сгәы иаанагоит шәара шәнапы ианыз аус шьахәла инашәыгӡеит ҳәа. Уи азы иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Ианакәзаалакгьы гәахәарыла Аԥсны ҳашәзыԥшуп", - ҳәа иҳәеит ахада.

Аслан Бжьаниа Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аофициалтә хаҭарнак ҿыц Александр Соболь иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0