Аԥснытәи аплинфа Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ацәыргақәҵа експонатхеит

CC0 / / Археологические раскопки
Археологические раскопки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абырзен ҩыра зну ақьырмыт-са афрагмент ҳера ҟалаанӡа V ашәышықәса ишаҵанакуазы адырга ануп. Иара ԥшаан Очамчыра иахьаҵанакуа абырзен полис Гиенос ахьыҟаз 2020 шықәсазтәи аекспедициа аусураан.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи аплинфа Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа археологиа аинститут ацәыргақәҵа аекспонатқәа иреиуахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа.

Абырзен ҩыра зну ақьырмыт-са афрагмент ҳера ҟалаанӡа V ашәышықәса ишаҵанакуазы адырга ануп. Иара ԥшаан Очамчыра иахьаҵанакуа абырзен полис Гиенос ахьыҟаз 2020 шықәсазтәи аекспедициа аусураан.

Раскопки Великой абхазской стены в селе Мерхеул - Sputnik Аҧсны
Ажәытә ҩыра зныз ахаҳә ҟьаҟьақәа Очамчыра ирбеит

"Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа археологиа аинститути ҳареи аекспедициа еицымҩаԥаагон. Аплинфа –қьырмытуп, абаашқәа рҭыӡқәа реиқәҵараан ахархәара амоуп. Ари аԥшаахгьы заатәи абжьарашәышықәсатә бааш иаҟәырҷахоуп", - иҳәеит Џьопуа.

Асеиԥш иҟоу аплинфақәа уаанӡагьы ари аҭыԥ аҿы изныкымкәа ирбахьан. Аха урҭ рҟны аҩырақәа Иаса Қьырса дызлацәажәоз арамеи бызшәала ирнын.

Археологиатә ԥшаахқәа рвиртуалтә цәыргақәҵа "Свидетели прошлого: искусство и ремесло в археологических находках" аатит Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит аҿы ԥхынҷкәын 4 рзы.

Авиртуалтә музеи аекспонат хадақәа ириеуоуп аҵыхәтәантәи ахышықәса рыҩныҵҟа Аинститут аусзуҩцәа еизыргаз   археологиатә ԥшаахқәа рцифратә модельқәа. Урҭ ирылоуп Москва, Велики Новгород, Подмосковье, Тула, Тамантәи адгьылбжьаха, Бриансктәи, Орловтәи, Астрахантәи аобластқәа, Дон, Ажәытә Риазан, Аԥсны  иԥшааз ажәытәрақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0