Аҟәа Турбаза араион аҿы хаҵак ишьклахысит

© Sputnik У правительственного здания дежурят отряды милиции, которые призваны не допустить столкновения сторон
У правительственного здания дежурят отряды милиции, которые призваны не допустить столкновения сторон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изышьклахысыз Аҟәа инхо ауаҩԥсы ахәрақәа иманы Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадахьы днагоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Турбаза араион аҿы аҭыԥ змаз ахысраан Аҟәа ауаҩԥсы ахәра иоуит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Ахҭыс азы Аҟәа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟаҵан ԥхынҷкәын 14 асааҭ 10:20 рзы.

Аусҭҵаара-оперативтә гәыԥ ишьақәнаргылеит ахәра шабџьархымҭаз. Ааха зауз ихьӡ рҳәом. Иара ианишьклахыс, ишьапы ахәра аманы ахәышәтәырҭахь днагоуп.

Аҭыԥ аҿы аус руеит акриминалистцәа, ацәгьоуҩы иԥшаара иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0