Аамҭа акгьы ахәышәтәӡом: Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз ргәаладыршәеит Гәдоуҭа

Анапаҵаҩра
Амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтәи ахҵәацәа зҭаз авертолиот Ми-8 ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭадырхеит 1992 шықәса ԥхынҷкәынмза 14 рзы.

ГӘДОУҬА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ауаажәлар иргәаладыршәеит Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз.

87-ҩык ргәаларшәара иазку амемориал ахь инеит шәҩыла ауаа, иҭахаз рыуацәа-рҭынхацәа, атәыла анапхгара, Апарламент адепутатцәа, араионқәа рхадацәа, аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәа.

Есышықәса ишаԥу аиԥш, арахь иааираны иҟан ашколхәыҷқәагьы, аха акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны урҭ уахь инарымгеит. Атәыла ауааԥсыра ари аҭыԥ ахь иааит ашәҭқәа кны, анышәынҭрақәа ирыдыргалеит ачысхә. Иҭахаз 87-ҩык ирылан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәазтәымыз аҳәса.

Иулиа Сангәлиаԥҳа ари авертолиот илыцәҭаблит ҩыџьа лыԥҳацәеи лаҳәшьеи. Илзыҟалаз арыцҳара атәы усҟан телехәаԥшрала илаҳаит.

"Абри амш азы Гәдоуҭа авертолиот анеира ҳазыԥшын. Саҳәшьа Мадонна Сангәлиаԥҳаи сыԥҳацәа Хьыблеи Инессеи ранду лҟны иҟан. Гәдоуҭаҟа амҩа иқәын, аха изынамӡеит... Аамҭа акгьы азыхәышәтәӡом, ухьаагьы ахаан изтәаӡом", - лҳәоит Иулиа, зԥазаҵә Џьансыхә Нанба дыззынхаз.

Нина Агрԥҳа абри амш азы илыцәҭахеит лыԥҳа Аида Шьынқәырԥҳаи лмоҭацәа Кристинеи Еланеи Гындиаа. Арахь дааит рфотосахьақәа лгәыдкыланы.

Аза Ҷкадуаԥҳа, ҩажәа шықәса зхыҵуаз Гарик Ҷкадуа иан, лԥеи лареи еицырхыргаз аҵыхәтәантәи амш лгәалалыршәоит.

Аслан Габилая - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габелаиа Лаҭатәи атрагедиазы: иаҳа игәцаракны иазнеитәуп жәларбжьаратәи ақәыӡбара аиурц

"Иара усҟан аибашьра амцашыра далагылазижьҭеи ԥшьымз ҵуан. Ашамҭаз аҩныҟа дааит, суадаҿы дышьҭасҵарц дсыҳәеит. Иҳәеит ашьыжь авертолиот ала Гәдоуҭаҟа дԥырраны дшыҟоу. Сҩагылан амца зҭаз апечка авараҿ ииарҭа ҟасҵеит. Ианааша, дындәылҵны дцеит, уаҳагьы дыхнымҳәит. Сыԥшәмагьы аибашьраҿ дҭахеит", - ҳәа еиҭалҳәеит лара, лгәи лылаӷырӡи еилаҵәо.

Аза Ҷкадуаԥҳа дылзынхеит ԥак. Уи иҭаацәеи иареи Аҟәа инхоит. Лара арахь дааит лмоҭа Николь длыманы. Николь лаб иашьа дихааным, аха ланду лҟынтәи иӡбахәқәа лдыруеит.

Амитинг аҿы дықәгылеит ажурналист Енвер Арџьениа. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аибашьра цәыӡда ишзыҟамло, аха асабицәа, аҭаҳмадцәа, аҳәса рҭахара иацу арыцҳара ҳәашьа шамам.

"Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәса рзы Аԥсны ажәҩан аҿы рыԥсы шҭаз амца қьоуқьад иалаблит амлеи ахьҭеи рҽырцәыргарц Гәдоуҭаҟа амҩа иқәыз ауаа. Ҳажәлар ари арыцҳара ахаангьы ирхамшҭроуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар реибашьра аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иажәақәа лгәалалыршәеит:

"Лаҭатәи арыцҳара ҳашьит, аха иара убри аан ашьанҵеиԥш ҳарӷәӷәеит, аибашьцәа еиҳагьы еиднакылеит", - лҳәеит лара.

Погибшие в Латской трагедии Нателла Кобахия-Хашба с сыном и матерью - Sputnik Аҧсны
Лаҭатәи атрагедиа иалаблыз: Наҭелла Кобахьиа-Ҳашбеи шықәсык зхыҵуаз лхәыҷи

Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. Авертолиот анышьҭыԥраа 12 минуҭ рышьҭахь, асааҭ 17:30 рзы  уи аамҭазы Қырҭҭәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз, 1900 метра аҳаракыраҿы иҭархан аракета "Адгьыл-аҳауа" ала. Рыԥсқәа шҭаз амца иалаблит 87-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәа зтәымыз аҳәса.

Авертолиот каҳаит Гәылрыԥшь араион Лаҭа ақыҭан. Уи иара убасгьы иҭан еицырдыруаз аԥсуа командирцәа Владимир Анцупов, Аслан Занҭариа, даҽа жәаҩаҩык аибашьцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0