Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы абнарақәа амца ркит

© Foto / МЧС Абхазии Лесные пожары в Гагрском и Гудаутском районах
Лесные пожары в Гагрском и Гудаутском районах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы 45 гектар абнарақәа амца ркит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Гагра араион аҿы иҟоу адыррақәа рыла 30 гектар абна амца акуп, Гәдоуҭа араион аҿы – 15 гектар ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Ԥхынҷкәын 13 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан Гагра араион Ԥсахара ақыҭаҿы абна абылра иаҿуп ҳәа.

Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба. Дара иалдыршеит ааигәа игылаз аҩнқәа амца рацәыхьчара. Аха атехника ҷыда ахьзымнеиз азы ашьхаҭыԥқәа рҿы амца рзаанымкылеит.

© Foto / МЧС Абхазии Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы абнарақәа амца ркит
Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы абнарақәа амца ркит - Sputnik Аҧсны
Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы абнарақәа амца ркит

Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан ԥхынҷкәын 12 рзы амцакра ахьыҟалаз АҶА аусзуҩцәа амцарцәара рзалмыршеит, уигьы зыхҟьаз амца ахы ахьакыз анеира ахьзалымшаз азоуп.

Иазгәаҭоуп АҶА аусзуҩцәа уахи-ҽни амониторинг шымҩаԥырго анхарҭақәа амца рацәыхьчаразы ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0