Аԥсны афымцалашара закәаншьаҭада ахархәаразы ахараԥса иацырҵар ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтно-восстановительные работы на подстанции "Сухум-1"
Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Административтә зинеилагарақәа рзы Акодекс инақәыршәаны афымцалашара закәаншьаҭада ахархәареи афымцатә ҳақәа рыҽраԥшьреи рзы ахараԥса 1200 мааҭ артәоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 – Sputnik. Аԥсны аекономика аминистрра аус аднаулеит афымцалашара закәаншьаҭада ахархәареи афымцатә ҳақәа рыҽраԥшьреи рзы Административтә зинеилагарақәа рзы Акодекс аԥсахрақәа алагаларазы апроект ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб.

Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР мчыбжьык аҩнуҵҟа 7000 цыра амаининг хархәагақәа аҿырхит

Иара иажәақәа рыла, уажәы афымцалашара закәаншьаҭада ахархәареи афымцатә ҳақәа рыҽраԥшьреи рзы ахараԥса 1200 мааҭ ыҟоуп. Иара убасгьы азинеилагаҩ афымцатә ҳақәа 90 мшы рыҩнуҵҟа иҽраԥшьреи азин имырхыр ауеит. Аминистр лхаҭыԥуаҩ игәаанагарала, ари азхом амаининг фермақәа иҟарҵо аԥхасҭа азгәаҭаны.

"Ҳара ҳгәаанагарала ахараԥса аиҭакра анаплакыҩцәеи абонентцәеи аԥҟарақәа ирықәныҟәаны афымцатә ҳақәа рҽырԥыршьуа иалагароуп, АУН "Амшынеиқәафымцамч" аҿы атехникатә зин ргалароуп, аԥхьаӡагақәа (асчиотчикқәа) ықәыргыланы инырхыз афымцалашаразы ахәԥса ршәалароуп", - иҳәеит Амқәаб.

Аминистр лхаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит акодекс аҿы аиҭакрақәа ишазыԥхьагәарҭо ахараԥса аихшара: акриптовалиута аиуразы алашара аныхреи аҽаказын аныхреи ҳәа.

Административтә зинеилагарақәа рзы Акодекс ариашарақәа ралагалараз аусура мҩаԥыргеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа, Аиустициеи афинансқәеи рминистррақәа. Уажәы апроект Апарламент ахь инашьҭуп ашьақәырӷәӷәаразы. Анаҩс Аминистрцәа реилазаара ақәшаҳаҭхароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0