Sputnik амчыбжь: Бжьаниа Москваҟа ицара, Аҟәа ахысра, илахьеиқәҵароу арыцхә

© Sputnik У правительственного здания дежурят отряды милиции, которые призваны не допустить столкновения сторон
У правительственного здания дежурят отряды милиции, которые призваны не допустить столкновения сторон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ииасыз амчыбжь азы иалукааша ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.

Лаҭатәи арыцҳара 28 шықәса ахыҵраз агәалашәаратә уснагӡатәқәа, Аслан Бжьаниа Москва иҟазаара, Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд, Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рҿы абна амцакра, Аҟәа уаанӡатәи ахада Адгәыр Ҳаразиа иаанкылара уҳәа Sputnik есымчыбжьтәи ахҳәааҟаҵараҿы.

Илана Амқәабԥҳа, Sputnik

Лаҭатәи арыцҳара

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны иазгәарҭеит Лаҭатәи арыцҳара ҟалеижьҭеи 28 шықәса аҵра.

Сотни жителей Абхазии почтили память погибших в Латской трагедии в понедельник 14 декабря - Sputnik Аҧсны
Аамҭа акгьы ахәышәтәӡом: Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз ргәаладыршәеит Гәдоуҭа

Аԥсны ауаажәлар иргәаладыршәеит Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз. 87-ҩык ргәаларшәара иазку Гәдоуҭатәи амемориал ахь инеит шәҩыла ауаа, иҭахаз рыуацәа-рҭынхацәа, атәыла анапхгара, Апарламент адепутатцәа, араионқәа рхадацәа, аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәа.

1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы иҭахаз 87-ҩык ирылан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәазтәымыз аҳәса.

Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәаларшәара иазкыз акциақәа иара убас имҩаԥысит Тҟәарчал, Лаҭа, Аҟәа. Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәаразы Аҟәа, Аԥсуа драматә театр аԥхьа жәанызқь реиҳа цәашьы адыркит. Агәалашәара акциа иалахәыз ацәашьқәа ирылхны авертолиот афигуреи Лаҭатәи арыцҳара иалаблыз рхыԥхьаӡара - ацифра 87 шьақәдыргылеит.

Уаанӡа, ҽынла, активистцәа Лаҭа ақыҭахь ицаны, авертолиот ахькаҳаз аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ацәашьқәа адыркит, ажәҩан иаларҵеит 87 мпышҭарч шкәакәақәа.

Бжьаниа Москва аиԥыларақәа мҩаԥигеит

Иаҳхысыз амчыбжь азы еиҳа иналукааша хҭысхеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа ицара.

Аслан Бжьаниа уа аиԥыларақәа мҩаԥигон ԥхынҷкәын 11 инаркны 18 рҟынӡа. Абри аамҭазы иара диԥылеит Урыстәыла ахада анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко. Ирылацәажәан аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа жәпакы.

Иара убасгьы Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Москва еиԥылеит. Аиԥылара иалахәын Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич, Урыстәыла ахада Иусбарҭа аҳәааԥнытә усеицуразы аусбарҭа аиҳабы Алексеи Филатов.

Президент Абхазии Аслан Бжания встретился с министром здравоохранения РФ Михаилом Мурашко  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҿагылареи агәабзиарахьчара азҵаарақәеи: Бжьаниеи Мурашкои еиԥылеит

Аиԥылараҿы ирылацәажәан аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа еиуеиԥшым рызҵаарақәа, ҷыдала 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестициатә программа апроектқәа.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иҟазаараан, ԥхынҷкәын 14 рзы диԥылеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.

Аслан Бжьаниеи Михаил Мурашкои реиԥылараан ирылацәажәеит агәабзиарахьчара аусхк аҟны COVID-19 иаҿагыланы аурыс-аԥсуа усеицура азҵаарақәа.

Ԥхынҷкәын 15 рзы Аслан Бжьаниеи Урыстәыла атранспорт аминистр Витали Савельеви реиԥылараан ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аартреи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылареи, Ԥсоу аӡиас ажәытә цҳа аремонти ирызку азҵаарақәа.

Ԥхынҷкәын 16 рзы Аслан Бжьаниа Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр Дмитри Патрушев диԥылеит. Ирылацәажәан Аԥсны ақыҭанхамҩа аусх аҿиара азҵаарақәа.

Президент Абхазии встретился с Руководителем Федеральной налоговой службы РФ Даниилом Егоровым - Sputnik Аҧсны
Бжьаниеи Егорови Аԥсны ашәахтә усхк аҟны ацифратә технологиақәа рхархәашьа иалацәажәеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Афедералтә шәахтә маҵзура анапхгаҩы Даниил Егорови аиԥылара рыман. Аслан Бжьаниеи Даниил Егорови Аԥсны ашәахтә усхк аҟны ацифратә технологиақәа рхархәашьа иалацәажәеит.

Аԥсны ахада иара убасгьы дырԥылеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адиректор Александр Бортникови Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви. Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә усбарҭақәа реинырра азҵаара иалацәажәан.

Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзура адиректор Владимир Булавини реиԥылараан иалацәажәеит аԥсуа-аурыс ҳәааҿы ицәырҵло ауадаҩрақәеи аҭагылазаашьа аиӷьтәшьеи.

Абнақәа рымцакра

Гәдоуҭа араион аҿы абна амца шакыз азы адырра ҟаҵан ԥхынҷкәын 12 рзы. Амца акын 15 гектар. Уа ԥшьымш ирықәын абнара амца акуижьҭеи. Амцакра ахы ыҵхын Хәаԥ ақыҭа ааигәара.

Лесные пожары в Гагрском и Гудаутском районах - Sputnik Аҧсны
Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы абнарақәа амца ркит

Аҟәеи Агәыӡереи рҟынтәи амцарцәаҩцәатә бригадақәа Гәдоуҭа араион ахь ацхырааразы инашьҭын.

Ԥхынҷкәын 13 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан Гагра араион Ԥсахара ақыҭаҿы абна абылра иаҿуп ҳәа. Гагра араион аҿы иҟоу адыррақәа рыла зынӡа 30 гектар абна амца ркын.

Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба. Дара иалдыршеит ааигәа игылаз аҩнқәа амца рацәыхьчара. Аха атехника ҷыда ахьзымнеиз азы ашьхаҭыԥқәа рҿы амца рзаанымкылакәа иҟан.

Ԥхынҷкәын 16 рзы Гагреи Гәдоуҭеи рраионқәа рҿы иҟаз амцакра ырцәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА амчрақәа рнапхгаратә Центр аиҳабы Баҭал Барчан.

Ишәарҭоу COVID-19

Ари амчыбжь азы ауааԥсыра авирус рацәыхьчаразы аоперштаб адырра ҟанаҵеит апандемиа ахы аакызар шәҩык инарыцны ауаа рыԥсҭазаара ишалҵхьоу. Ԥхынҷкәын 19 рызтәи адыррақәа рыла, зынӡа авирус рыдырбалеит 7779-ҩык ҳтәылауаа, урҭ рҟынтәи ргәабзиара шьақәдыргылахьеит 5832-ҩык.

Ԥхынҷкәын 15 рзы ишьақәыргылан ачымазцәа ррекордтә хыԥхьаӡара - 140-ҩык.

Ԥхынҷкәын 16 рзы COVID-19 аҿагылараз Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ихантәаҩрала Аоперштаб аилатәара мҩаԥысит.

Измеряют температуру  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҿагылараз Аоперштаб аилатәара мҩаԥысит Аҟәа

Аилатәараҿы Аоперштаб алахәылацәа иазгәарҭеит ачымазараҿкы аҽарҭбаауа ишалагаз.

Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы абиоматериал аҭаразы еиҭахгьы агәаранқәа цәырҵит. Уи зыхҟьаз арахь акоронавирустә инфекциа рымазаара агәаҭаразы ичмазцәоу рыдагьы ауаа ахьааиуа ауп. Убас, рхы гәарҭарц азы мызкахьы ҩынтә-хынтә анализ ҟазҵо ыҟоуп.

Ԥхынҷкәын 17 рзы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа ахьышьҭоу Гәдоуҭатәи аковидтә центр даҭааит.

Аԥсны акоронавирустә ҭагылазаашьа уадаҩуп, аха хылаԥшра ауҭартә иҟоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Гәдоуҭатәи аковидтә центр данаҭаа ашьҭахь.

Ҭамаз Ҵахнакьиа днеины игәеиҭеит ашәахәатә диагностика аҟәша аусушьа, хаҭала ааигәа аусура иалагаз ареанимациатә ҟәша, ахәшьара аиҭеит ара иҟоу апациентцәа амедицинатә цхыраара рыҭара аҭагылазаашьақәа.

Аҟәа уаанӡатәи ахада даанкылоуп

Ԥхынҷкәын 16 рзы уаанӡатәи Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа Турбаза аҭыԥ змаз ахысра далахәын ҳәа гәҩарас дҟаҵаны даанкылан. Иара иумҭа аҵанакуеит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 105 ахәҭа 1 (гәҭакыла ауаҩы игәабзиара ааха аҭара), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (закәаншьаҭада абџьар аныҟәгара) инақәыршәаны. Алмас Шьаҟрыл ахәра ахьиуз ахҭыс ҟалеит ԥхынҷкәын 14, 2020 шықәсазы.

Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Ҳаразиа иганахьала аӡбамҭа рыдыркылеит

Ԥхынҷкәын 17 рзы Турбаза аҭыԥ змаз ахысра далахәын ҳәа гәҩарас дҟаҵаны иаанкылаз Адгәыр Ҳаразиа иганахь ала аҩнытә баандаҩра ҳәа азыӡба аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа, аӡбаҩ Марҭа Аҩӡԥҳа хантәаҩыс дызмаз аилатәараҿы.

Адгәыр Ҳаразиа ҩынтә Апарламент адепутатс далырххьан, 2007 шықәсеи 2012 шықәсеи рзы. 2014 шықәса рзы Аҟәа ақалақь ахадас далхын.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиҭарҳәеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд шымҩаԥысыз атәы.

2020 шықәса ԥхынҷкәын 10-11 рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд. Иара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла ареспублика, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа, ООН, ОБСЕ, ЕС рыцхантәаҩцәа. Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.

Аганқәа алацәажәеит коронавирус апандемиа, закәаншьаҭада Аԥсны аҳәаа ахысра ахҭысқәа, иаанкылоу Иракли Бебуа иҭагылазаашьа.

Аҽазныкгьы ақырҭуа ган мап ацәнакит амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.

Ажәабжьқәа зегьы
0