"Мир" Аԥсны ахархәара сынтәатәи арбагақәа хынтә еиҳауп 2019 шықәса иаҿурԥшуазар

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭмиссия карт национальной платежной системы "Мир" началась в России.
Эмиссия карт национальной платежной системы Мир началась в России. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рашәарамзазы аԥсуа ԥарашәагатә система "АԤРА" урыстәылатәи аԥарашәаратә система "МИР" абанктә хсаалагақәа рымаҵ аура иалагеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26-Sputnik. Аԥсны урыстәылатәи аԥарашәаратә система "Мир" ахархәарала 2020 шықәсазы имҩаԥгоу аоперациақәа 1,2 миллиард иартәеит, ари арбагақәа хынтә еиҳауп 2019 шықәса иаҿурԥшуазар- 408 миллион мааҭ. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Амилаҭтә банк.

Аԥарашәаратә система "Мир" ахархәаҩцәа 69% апорециақәа аԥснытәи абанкоматқәа рҟны аԥараҭыгара мҩаԥыргеит, атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхәшәаразы 31%.

Макет новой карты Апра - Sputnik Аҧсны
Ахсаалага АԤРА "World" 2020 шықәсазы адунеи аҿы ахархәара еиҳахеит

Иахьазы АԤРА "World" рыдыркылоит Урыстәыла, Беларусь, Узбекистан, Ермантәыла, Ҭырқәтәыла.

Амилаҭтә банк адыррақәа рыла ахсаалагақәа АԤРА "World" 2020 шықәса рзы Урыстәыла Санкт-Петербург, Воронеж, Новосибирск, Ростов-на-Дону, Волгоград, Астрахан, Пенза, Екатеринбург, Омск, Пермь, Сургут назлоу ақалақьқәа 144 рҿы иара убасгьы Ереван, Минск, Ташкент рҿы аоперациақәа мҩаԥыргеит.

Абанктә хсаалагақәа "АԤРА" змоу 2020 шықәсазы Урыстәыла 40 миллион мааҭ рыхә аоперациақәа мҩаԥыргеит, ари арбагақәа ҩажәантә еиҳауп ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа- ҩ-миллионк.

Аԥсни Урыстәылеи рмилаҭтә ԥарашәаратә системақәа рыбжьара аинырра иалагеит 2019 шықәсазы, жьҭаарамза инаркны абанктә хсаалагақәа "АԤРА" Урыстәыла ахарахәара алыршахеит, аԥарашәаратә ситесма "Мир" ахархәара ахьыҟоу.

"Мир" — урыстәылатәи амилаҭтә ԥарашәаратә системоуп. Аԥарашәара мҩаԥысуеит амилаҭтә валиута ала.

Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система АԤРА аԥҵан 2012 шықәса рзы, ҳаамҭазтәи абанктә маҵзурақәа рхархәарази аԥарашәаратә инфраструктура аизырҳарази.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0