Апрокуратура иҭнаҵаауеит Аӡҩыбжьа аҭыԥ змаз аидыслара

© SputnikГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Идырым ахаҿқәа асабрадақәа рҿаҵаны Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан инхо Ҷанаа рыҩны мчыла иҩналеит, ԥхынҷкәын 26 рзы, ашьыжь.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27-Sputnik. Аӡҩыбжьа ақыҭан инхо Ҷанаа рыҩны мчыла аҩналара зыхҟьаз аилкааразы Очамчыра араион апрокуратура заанаҵтәи аусҭҵаара мҩаԥнагоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Руслан Ҭырқьба.

"Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан инхо Ҷанаа рыҩны мчыла аҩналара зыхҟьаз аилкааразы апрокуратурахь аӡәгьы арзаҳал алыимҵеит, аха Очамчыра араион апрокуратура иҟалаз азы аусҭҵаара мҩаԥнагоит. Аҭыԥаҿтәи агәаҭарақәа иаадырԥшит ахатәҩны ааха шаҭаз, аҩны аҩнуҵҟа еилаҩынтан, аҩнымаҭәа ԥҽын. Аусҭҵааразы афактқәа аидкыларазы аусурақәа цоит", - иҳәеит Ҭырқьба.

Аӡҩыбжьа ақыҭа ахада Дмитри Абыхәба иажәақәа рыла, ахҭыс ҟалеит асабша ԥхынҷкәын 26, асааҭ 4:00 рзы. Идырым ахаҿқәа асабрадақәа рҿаҵаны Ҷанаа рыҩны мчыла иҩналеит, аԥшәмацәа иргәыдлеит, шьоукы адәахьы идәылыргеит.

"Урҭ ауаа ашәқәа, аԥенџьырқәеи ԥырҽит, аиарақәа аадырҳәит, аԥшәмацәа рнапқәа дырҵәиит. Дара асабрадақәа рҿан, изусҭцәоу ҳаздыром. Аҩны аҩнуҵҟа зегьы аадырҳәит, игәарҭеит, нас индәылҵны ицеит. Уи шыҟарҵоз шәыла иабандаз. Ари аҩнаҭаҿы ԥшьҩык ауааԥсыра нхоит- ан, аԥацәа ҩыџьа, аԥҳа, урҭ рыбжьара иҟоуп ахамыхәацәеи зықәра намӡац ахаҿқәеи", - азгәеиҭеит Абыхәба.

Ақыҭа ахада иҳәеит, амҽыша Аӡҩыбжьа иҟалаз ахҭыс зыхҟьаз аилкааразы аизара мҩаԥгахоит ҳәа. Аиԥыларахь ааԥхьара рымоуп араион аиҳабыреи  амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0