Аԥсны ААР ахада иҳәеит Аӡҩыбжьа аҭыԥ змаз аидыслара зыхҟьаз

© Sputnik Министр внутренних дел Дмитрий Дбар в селе Адзюбжа
Министр внутренних дел Дмитрий Дбар в селе Адзюбжа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡҩыбжьа ақыҭан инхо Ҷанаа рыҩны мчыла аҩналара зыхҟьаз аилкааразы Очамчыра араион апрокуратура аусҭҵаара мҩаԥнагоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа ацәгьауҩы ишьҭан, дара ирымаз адыррала изышьҭаз дыҟан Аӡҩыбжьа ақыҭан абри аҭыӡҭыԥ ала. Абри атәы иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.

"Ашәарҭадаратә хеилак иҭнаҵаауеит амилициа аусзуҩцәа рнапынҵақәа ирхысу ирхымсу. Аҩнаҭа иаҭаз ааха зегьы ахарџь ахшәаахоит", - иҳәеит аминистр.

Дбар иажәақәа рыла, Очамчыра араион апрокуратура аусҭҵаара мҩаԥнагоит. Аԥсны ААР-и Аӡҩыбжьа ақыҭа ахадареи аҳәара ҟарҵоит ашьҭазаара змоу ацәгьауҩы иҽриҭарц, - аус ҭынч еилдыргац.

Аӡҩыбжьа ақыҭа ахада Дмитри Абыхәба иҳәахьан, ахҭыс ҟалеит асабша ԥхынҷкәын 26, асааҭ 4:00 рзы. "Идырым ахаҿқәа асабрадақәа рҿаҵаны Ҷанаа рыҩны мчыла иҩналеит, аԥшәмацәа иргәыдлеит, шьоукы адәахьы идәылыргеит", иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0