Афонд "Ашана" 2020 шықәсазтәи аҳасабырба ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛоготип КБР "Ашана".
Логотип КБР Ашана. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" хылаԥшра рнаҭоит ичмазаҩы хьанҭоу ахәыҷқәа: Урыстәыла, Ермантәыла, Аԥсны аоперациа ззутәу, ареабилитациа зҭаху, адиагностика ззыҟаҵатәу.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" 2020 шықәса аихшьалақәа мҩаԥнагеит. Ашықәс аҩнуҵҟа 69 хәышәтәратә курс мҩаԥган ҳәа аанацҳауеит афонд апресс-маҵзура.

Акциа "Аԥсҭазаара еицеиқәҳархап" аҳәаақәа ирҭагӡаны 2020 шықәса аҩнуҵҟа афонд еизнагеит 7 270 492 мааҭ.

  • Аиурист хаҿқәа рҟынтәи – 764 382 мааҭ;
  • Ахатәхаҿқәа рҟынтәи – 4 446 147 мааҭ;
  • Аизгарҭатә чықьмаџьақәа рҟынтәи – 454 227 мааҭ;
  • СМС-дыррақәа рыла – 862 954 мааҭ.
  • Ахәышәтәразы ахы иамырхәакәа ирхынҳәуп – 742 782 мааҭ.
  • Административ-нхамҩатә усуразы– 2 620 553 мааҭ.
  • Агәыҳалалразы амобилтә цҵа "TOOBA" аҿы еизгоуп 3 187 323 мааҭ.

"Ашана" аусзуҩцәа COVID-19 иаҿагыланы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәит. Аволонтиорцәа инарыдгыланы 200 рҟынӡа ҭел рыдыркылеит ацәаҳәа ҷыда аганахь ала. Убри аан акоронавирустә инфекциа адагьы ауаа злацәажәоз ирҭахыз ацхыраара акәын: фатәылеи-жәтәылеи хәшәылеи. Афонд агуманитартә цхырааразы иннахит 500 000 мааҭ.

Мактина Джинджолия  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьалԥҳа "Ашана" 2020-тәи ашықәс аусура аихшьаалақәа ирызкны

Агуманитартә акциа мҩаԥысуанаҵы 127 ҭаацәара афатә азы ацхыраара рыҭан (џьоукы-џьоукы изныкымкәа).

Афонд анапаҵаҟа иҟоу рзы имҩаԥнагеит аԥареизгара, уи иалахәын астол гьежьқәеи аконференциақәеи рымҩаԥысра.

Адунеизегьтәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш азы афонд "Ашана" ООН Ахәыҷтәы фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис адгыларала рнапаҵаҟа иҟоу ахәыҷқәа ирыдныҳәалеит.

Нанҳәамзазы аусура иалагеит онлаин–аукцион "Аԥсҭазаара ахьӡала аҟазара". 10 лотк рҟынтәи быжьба 97 000 нызқь мааҭ еизыргеит. Аԥарақәа ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазырхан.

Жьҭаарамзазы Аԥснытәи ахысцәа рыклуб аҿы имҩаԥысит аматч-маҷ Афонд ацхырааразы. Ԥшьымш имҩаԥысуаз ари акциа еизнагеит 52 000 мааҭ.

Ииасуа ашықәс азы ара ихацыркын хәыдаԥсадатәи аконсультациақәа. Имҩаԥигон абакалавр, апсихологиа амагистр, апсихолог Григорьев Михаил.

Иара убасгьы ицәырҵит ахәыҷқәа ацхыраара зларзууша алшарақәа: аилахәыра "А-мобаил" ахархәаҩцәа рзы ацҵа "Кошелек", "Аквафон" абонентцәа рзы аопциа "ДОБРО".

Асида Мархолия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Мархолиаԥҳа "Ашана" Ашықәс ҿыцазтәи акциазы: агәыҳалалреи ассири шыҟоу арҵабыргуеит

Уаанӡеиԥш аӡынра алагамҭаз "Ашана" иеиҭахацнаркит акциа "Уҵаа Бабадуха". Акциа рҽаладырхәит шәҩыла ауаа, аиҿкаара дуқәа. Аҳамҭақәа хымчыбжьа рыҩнуҵҟа еизган. Урҭ Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи изыхәҭоу рҟынӡа инаргоит.

Афонд аҿы иазгәарҭоит агәыҳалалратә, аҳәынҭқарратә, акоммерциатә еиҿкаарақәа реидкылара иазырхоу аусура. Уи иалнаршоит ганрацәала ацхыраара аҟаҵара.

"Ари аҭагылазаашьа иунарбоит Аԥсны агәыҳалалра иҿыцу аҩаӡарахь ишхалаз. Ҳаргьы ԥхьаҟа агәыҳалалратә амҽхак еиҳа-еиҳа иҳарҭбаалоит", - ҳәа рҳәоит афонд аҿы.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" икоммерциатәым еиҿкаароуп, аусура азырхоуп ичмазцәоу ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0