Аимадараз аҳәынҭеилакы аинтернет аиураз аԥкрақәа аланагалоит амаинингқәа ирхырҟьаны

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСетевое оборудование в серверной.
Сетевое оборудование в серверной. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа Реилазаара ақәҵара инақәыршәаны Аԥсны иахьаҵанакуа ԥхынҷкәын 8 раахыс амаининг фермақәа русура аанкылоуп 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь адҵа ҟаиҵеит акриптовалиута аиура иадҳәалоу аԥкрақәа алагалазарц.

"2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа Аинформациа-телекоммуникациатә ҳа "Интернет" абонентцәа акриптовалиута аиураз аусура рылзыршо адоментә хьыӡқәа реиқәыԥхьаӡа, асаитқәа рдаҟьақәеи аҳатә ҭыӡҭыԥқәеи рырбагақәа рхархәаразы аԥкрақәа алагалазааит", - ҳәа аҳәоит адҵа атекст аҿы.

Абри атәы кьыԥхьуп аусбарҭа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Аимадара аоператорцәа рнапы ианҵоуп иахәҭоу атехникатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргарц акриптовалиута аиураз аусура алзыршо адоментә хьыӡқәа реиқәыԥхьаӡа, асаитқәеи аҳатә ҭыӡҭыԥқәеи рдаҟьақәа рырбага рхархәара алмыршаразы.

Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" акриптофермақәа зегьы аҿыхтәуп ҳәа ақәҵара аднакылеит

Адҵа рыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аимадараз" ахәҭаҷ 19 ахәҭа 8 апункт 3; Аминистрцәа Реилазаара ақәҵара "Акриптовалиута аиуразы аусурақәа рымҩаԥгара алзыршо атауарқәа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь ралагалара алмыршареи афымцалашара ахархәара аԥкреи рзы" (08 .12.2020) инарықәыршәаны.

Адҵа ақәныҟәашьа иахылаԥшлоит Аԥсны аимадара аусхк аҿы ахылаԥшраз Адепартамент.

Уаанӡа, АУН "Амшынеиқәафымцамч" ԥхынҷкәын 25 рзы ареспубликаҿ акриптофермақәа зегьы русура нкылазарц адҵа ҟанаҵеит.

Аминистрцәа Реилазаара ақәҵара инақәыршәаны Аԥсны иахьаҵанакуа ԥхынҷкәын 8 раахыс амаининг фермақәа русура нкылоуп 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0