Гагра аныҳәамшқәа рзы аҳәса иалыркаауа қалақьуп

© Sputnik / Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОсень в Абхазии
Осень в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәса ртуризм еиҳа-еиҳа ирылаҵәо иалагеит аҵыхәтәантәи аамҭазы, аҳәса рныҟәара хықәкыс иамоуп: момкеишн (анацәа русқәа рҟынтәи рыԥсшьара), ахәаахәҭра, аибадырра, аекскурсиақәа, аспорт, антистресс уҳәа егьырҭгьы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29- Sputnik. Аԥснытәи атуристтә қалақь Гагра Ашықәс ҿыц аныҳәамшқәа рзы аҳәса иалыркаауа ақалақьқәа рсиа иаҵанакит. Абри атәы аанацҳауеит аԥсшьараз заанаҵтәи аҿаҵарақәа рмаҵзура Tvil.ru.

Гагра ахәбатәи аҭыԥ аннакылеит, 10 процентк абжьы аиуны. 2021 шықәсазы аҳәса иалыркааз ақалақьқәа иреиуоуп:

  • Севастополь - 24%
  • Санкт-Петербург - 20 %
  • Анапа - 15 %
  • Казань - 12 %
  • Гагра - 10 %
  • Суздаль - 9%
  • Кимры - 5%
  • Москва - 4%

Амаҵзураҿы ирҳәоит аҳәса еиҳарак аотельқәеи аотель маҷқәеи алыркаауеит, 3-6 мшы иаангылоит, уахыктәи рныхрақәа 3-10 нызқь итәоит ҳәа.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Урыстәылаа ҭаацәала ахәыҷқәа рыцны аԥсшьара ахьеиӷьаршьо иреиуоуп Гагра

Аҳәса ртуризм еиҳа-еиҳа ирылаҵәо иалагеит аҵыхәтәантәи аамҭазы, аҳәса рныҟәара иахықәкуп: момкеишн (анацәа русқәа рҟынтәи рыԥсшьара), ахәаахәҭра, аибадырра, аекскурсиақәа, аспорт, антистресс уҳәа егьырҭгьы.

2020 шықәса рзы ахаланыҟәарақәа 21 процент ирызҳаит. Аиҳаракгьы Урыстәыла ақалақьқәа рахь. Иныҟәо реиҳара ҳәсоуп ҳәа азгәанаҭоит Tvil.ru. Иҟалоит ԥхьаҟа аотельқәа рзы ҷыдала аҳәса рҭыԥқәа, ахацәа анеира азин ахьрымам еиҿкаахар. Асеиԥш аотельқәа егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0