Аԥсны партиа дула анаркотикқәа рыҭиразы ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтатуя Фемиды
Статуя Фемиды  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса цәыббрамзазы зеиԥш уаанӡа иаагамыз аметадон апартиа ду аанкылан. Иара ареспублика атәылауаа раархәаразы иааган.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аԥсны ААР ашьаусԥшааратә усбарҭа ихнаркәшеит аусҭҵаара, Гагратәи араионтә ӡбарҭахь инанашьҭит ахарахаҵаратә хыркәшамҭа ҟаҵаны аус – Аԥсны иахьаҵанакуаз хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа ааганы изҭиуаз еиҿкаау ацәгьоуратә гәыԥ алахәылацәа рганахьала. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Урыстәыла иатәылауаау, Ростов-на-Дону инхо Артур Никитини Роман Сачкои ахара рыдырҵоит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 224 ахәҭа 3 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура ҟарҵеит ҳәа (анаркотикқәа хыԥхьаӡара дула раахәара, рыҵәахра, аҭираз рымҩангара, рыҭира).

Анаркотикатә маҭәашьар "метадон" 350 грамм иҟаз, аџьармыкьа еиқәаҵәа ҳәа изышьҭоу аҿы бжьаратәла зыхәԥса 14 миллион мааҭ иҟаз аанкылан цәыббрамзазы Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аусзуҩцәа рылшарала. Артур Никитини Роман Сачкои анаркотикқәа рыладырҵәон ареспублика араионқәа рҿы иаԥҵаз аҵәахырҭа ҭыԥқәа рыла. Ростов-на-Дону аҟынтәи анаркотикқәа рыҭиҩцәа Афон ҿыц алырхит, избанзар аԥхынтәи асезон аан аԥсшьаҩцәа аҽрыларҩашьара мариоуп ҳәа. Аԥсны аҩнуҵҟа аныҟәаразы автомашьына аархәеит.

Расфасованное в свертки наркотическое вещество метадон  - Sputnik Аҧсны
Афон ҿыц иаанкылоуп Аԥсныҟа иааргахьоу рахьтә аметадон иреиҳаӡоу апартиа

Ишьақәыргылоуп Артур Никитин шиакәу ацәгьоуратә гәыԥ еиҿызкааз. Роман Сачко машьынарныҟәцаҩык иҳасаб ала диман. Анаркотикшьҭаҵарҭас иалхны ирыман ашколқәа рааигәара адәқәа, ашьапылампыласырҭа дәқәа рааигәара ихуаадоу ахыбрақәа, афонартә шьаҟақәа.

Иахьазы аусҭҵаара хыркәшоуп. Рҩыџьагьы ахара рыдҵоуп. Артур Никитин аҿахәҿыхра мап ацәикит, иҟоу афактқәа дышҿаԥырҽуагьы ахара ихы иадибалом. Роман Сачко иакәзар, иҿы иқәшаҳаҭхеит, иҟоу зегьы аартны далацәажәеит.

Роман Сачко ихараҵоу ала 12 инаркны 15 рҟынӡа шықәса аҭакра иқәҵахоит, Артур Никитин иакәзар –15 шықәса инаркны иԥсахьынӡаҭоу аҭакра иқәҵахар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0