Александр Анқәаб аҿкычымазара акоронавирус изышьақәырӷәӷәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАлександр Анкваб
Александр Анкваб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уи аԥхьа адырра ҟарҵахьан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус изышьақәырӷәӷәоуп ҳәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30- Sputnik. Аҿкычымазара акоронавирус изышьақәырӷәӷәоуп Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб. Абри атәы аанацҳауеит аминистрцәа реилазаара асаит.

Аԥыза-министр COVID-19 илоу иламу аилкааразы атест изыҟаҵан ԥхынҷкәын 29 рзы, иахьа ишьақәырӷәӷәахеит акоронавирус ицәа ишалоу.

Александр Анқәаб атест анаиҭа ашьҭахь аҽыԥхьакра дцеит. Игәабзиара ҭышәынтәалоуп, асимптомқәа рҟынтәи-ашоура имоуп. Аҳақьымцәа изларҳәо ала, ачымазара иаармарианы имҩасуеит, ахәышәтәырҭаҿ ишьҭаҵара аҭахны иҟам.

Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус шидбалаз еилкаахеит ԥхынҷкәын 27 рзы.

Аҳәынҭқарра ахада иҟны иҟоу аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа "Аԥсныпресс" ишаиҳәаз ала, Атәыла ахада игәабзиара ҭышәынтәалоуп, иахәҭоу ахәышәтәра иоуеит, инапынҵақәа адистанциала инаигӡоит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0