Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус ахәышәтәра аиҭакрақәа аланагалеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦентр "НМИЦ здоровья детей" Минздрава РФ, где проходят лечение дети с COVID-19
Центр НМИЦ здоровья детей Минздрава РФ, где проходят лечение дети с COVID-19  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа аоперативтә штаб аилатәара мҩаԥигеит. Акоронавирус ахәышәтәра аԥкаанҵа аиҭакрақәа алеигалеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус ахәышәтәра аиҭакрақәа аланагалеит авирус иаҿагыло ахәышәқәа рганахь ала ҳәа аанацҳауеит аусҳәарҭа апресс-маҵзура.

"Ачымазара ахәышәтәра аԥкаанҵа аҵыхәтәантәи абжьгарақәа рыла еиҿкаауп", - лҳәеит Аԥсны аҳақьым хада Анжела Арҷелиаԥҳа. Иагьазгәалҭеит аминистрра ишаиуз аҵыхәтәантәи аамҭазы ахархәара ҭбаа зауз ахәышә ҿыц.

Ареспублика амедусҳәарҭақәа рҳақьым хадацәа иазгәарҭоит, араионқәа зегьы рҿы ачымазара аҽшарҭбааз. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик иазгәалҭеит аныҳәамшқәа раангьы абаклабораториа уаанӡатәи арежим ала аус шауа.

Ҭамаз Ҵахнакьиа аҳәамҭа ҟаиҵеит амедусбарҭақәа зегьы уаанӡатәи арежим ала усура мҩаԥыргалар шакәу.

АУН "Аԥсныфармациа" адиректор Рустам Адлеиба иҳәеит ковид-чымазцәа ахьырхәышәтәуа ахәышәтәырҭақәа зегьы еиԥҟьарада иахәҭоу ахәшәи аныхратә материали рыла ишеиқәшәо. Ус шакәугьы идифициту атауарқәа роуразы апроблемақәа ыҟоуп.

Иахьазы Аԥсны коронавирус 8825-ҩык ирыдырбалахьеит. 117-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәы бзиахеит 6872-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0