Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амшқәа рзы Риҵа иаҭааит ҩ-нызқьҩык инареиҳаны атуристцәа

© Foto / Даут ЛогуаОзеро Рица зимой
Озеро Рица зимой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазы ажьырныҳәа 1 инаркны 6-нӡа Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра иаҭааит ф-нызқьҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 3-Sputnik. Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амшқәа рзы Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра иаҭааит ҩ-нызқьҩык инареиҳаны атуристцәа, абри атәы иҳәеит апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.

Озеро Рица зимой - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа ашықәсҿыцазтәи атурқәа рыхәԥса шьақәыргылоуп

"Иахьа аҳәырԥсарра иаҭааит ҩ-нызқьҩык инареиҳаны, ажьырныҳәа аказы 500-ҩык рҟынӡа. Аӡынразы арҭ арбагақәа бзиоуп. Еиҿҳарԥшуазар, аԥхынразы нанҳәа-цәыббрамзазы ҽнак апарк иаҭаауеит хә-нызқьҩык. Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амшқәа рзы ҩ-нызқьҩык - хыԥхьаӡара бзиоуп", - иҳәеит Баӷателиа.

Багаҭелиа иҳәеит аԥсшьаҩцәа аԥшырҭатә ҭыԥ ишаҭаауа, уаҟа аӡынтәи Риҵа ибзианы иубоит ҳәа. Аԥшырҭатә ҭыԥ аҟны аԥсаӡ ҩычаны иргылоуп.

Багаҭелиа иазгәеиҭеит, уажәы Ауадҳареи Сталин иҩнахьи анеира шыҟамло.

2020-тәи ашықәс азы аныҳәамшқәа раан Риҵатәи апарк иаҭааит ф-нызқьҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа, уи 2019 шықәсазтәи арбагақәа иреиҳахеит 56% рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0