Гал араион аҟны абнаҿы амцакрақәа аҩнқәа рҟынӡа инаӡеит

© Foto / МЧС Абхазии Лесные пожары в Гагрском и Гудаутском районах
Лесные пожары в Гагрском и Гудаутском районах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион аҟны абнаҿы амцакрақәа ирылагеит ажьырныҳәа 4 рзы, ақыҭақәа Набакьиа, Ҭаӷьлан, Махәынџьа рзааигәара, иара убас ақыҭақәа Ҩада-Барӷьаԥ, Сида, Риаԥ рҿы. АҶА иазгәарҭахьан амца аҩнқәа рзааигәахара ишаҿу.

АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Гал араион аҟны абнаҿы иҟалаз амцакрақәа аҩнқәа рахь ииасит, АҶА ауаа рыҩнқәа ирдәылҵырц рыларҳәеит ҳәа аанацҳауеит Гал-инфо.

Гал аус зуа аиқәырхаҩцәа рымч ақәхомызт рхала ари аҩыза ашәарҭара аҿагылара, уи азы Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра ақалақьқәа рҟынтәи амцарцәаҩцәеи атехникеи нарышьҭит.

Аҭагылазаашьа бааԥсуп ақыҭақәа Ҩада-Барӷьаԥ, Сида, Риаԥ рҿы.

Абылрақәа рырцәара иаҿуп амцарцәаратә гәыԥқәа фба. Аха аԥшаӷьы ахьасуаз иахҟьаны амца еиҳа-еиҳа аҽеиҵнахит, уи аанкылара уадаҩхеит.

"Амцарцәаратә гәыԥқәа ирылшоз шыҟарҵозгьы, амца аҩқәеи аӷәтәы ргыларақәеи рахь ииасит", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Аиқәырхаҩцәа русурақәа ирыцырҵоит, абылрақәа рымҽхаки уи иҟанаҵаз аԥхасҭеи макьана еилкаам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0