Ианвартәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Гагра

© Foto / Музаффар ОстановВозложение в Гагре
Возложение в Гагре  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҳҭнықалақь Аҟәа агаразы имҩаԥгаз Ианвартәи ажәылара иалахәын шәҩык инарзынаԥшуа Гагра араион ахаҭарнакцәа. Урҭ рахьтә иҟалеит ари иманшәаламхаз аиҿагылараҿы иҭахаз.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Иахьа, ажьырныҳәа 5 рзы иҵит 28 шықәса арҭ ахҭыс хьанҭақәа раахыс, аха уи зыблала избаз, цәала-жьыла изнырыз ахаан ирхашҭрангьы иҟам.

Тенгиз Бганба - Sputnik Аҧсны
"Аибашьра сыԥхыӡ иалоуп": Ҭенгьиз Бганба Ианвартәи ажәылара игәалаиршәеит

Ианвартәи ажәылара аламҭалазы, Витали Ҭарнаа командаҟаҵаҩс дызмаз Гагратәи ахәбатәи абаталион аҽеиҭныԥсахлара ашьҭахь Ешыратәи ахырӷәӷәарҭахь инеит. Убасҟангьы ирыларҳәеит ашарԥазы ԥхьаҟа ишдәықәло. Абаталион иахәҭакыз Иури Ҵулукьиа акыр шықәса раԥхьа дызлахәыз, ауадаҩрақәеи аԥсҭбареи зцыз ажәылара иахьагьы алацәажәара ицәыуадаҩуп, аха зегь акоуп дырзааҭгылеит хҭысқәак.

"Ҳара ҳбаталион актәи ажәыларатә гәыԥ иашьҭанеиуан. Дара Гәымсҭа аӡиас ианалала, аминақәа рыҵаԥжәо иалагеит. Иҭахази ахәрақәа заузи ҳаҷкәынцәа рацәахеит. Аӡы ирыз ақырҭцәа иҭҟәаны иргеит, адырҩаҽны ишьны рыԥсыбаҩ дыргьежьит. Иубаратәы иҟан урҭ ргәаҟны рыԥсҭазаара ишалхыз", - игәалашәоит аибашьҩы.

Шьҭахьҟа ихьаҵтәуп ҳәа акоманда аныҟала, аԥсуа еибашьцәа асы изылымҵуа, хәлаанӡа илахазгьы дҟалеит. Иара ухы шьҭухуагьы иҟамызт, Иури Ҵулукьиа иажәақәа рыла, адгьыл амца ацралеит, убриаҟара ахқәа аауан.

"Ари ажәылараҟны ҳала шааԥшуаз ахәра иоуит Витали Чыкәбар. Аха аҩада аԥсуа ган ахь дхаҳгалартә акырцх еиԥш иааиуаз ахқәа иҳарҭомызт. Уи заҳаз иашьа Галактион Чыкәбар "сашьа дышԥаансыжьуа" ҳәа дицхраарц даннеи рыҩџьагьы ақырҭуа снаипер иҭаирхоит. Анаҩс, иаҳулак Оҭар Амԥар ҳәа иҳацыз ҳҩыза ицхыраарала аишьцәа рыԥсыбаҩ ҳгеит. Аиаша ҳҳәозар, аҷкәынцәа агәымшәара аадырԥшит, урҭ рыԥсы шҭаз абаҟақәа ирыԥсан. Зыла иамбаз ихаҿы изаагаӡом ҳазлаԥшыз ахарзаман", - еиҭеиҳәоит аибашьра аветеран.

Иури Ҵулукьиеи иҩызцәа Владимир Мықәбеи, Оҭар Амԥари, Константин Чыргбеи, Макс Кәыҵниеи анцәа имчала ауп рыԥсы шеиқәхаз.

Иури Ҵулукьиа Ианвартәи ажәылара аԥхьа далахәын Гагра араион ахақәиҭтәрагьы. Иара иоуп раԥхьаӡакәны Гагра Леон иорден иаԥсахаз.

Ианвартәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара аҳаҭыр азы, Гагра Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа амҩаԥгара традициак аҳасабала сынтәа инаркны иаԥшьаргеит араион Ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышьи, уи ихаҭыԥуаа Асҭамыр Ҵышәбеи Алхас Барцыци.

© Foto / Музаффар ОстановВозложение в Гагре
Ианвартәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Возложение в Гагре

 

"Ари алахьеиқәҵаратә мшы аибашьра аҭоурых азы аҵак ду амоуп. Ҳара иаҳхашҭыр ҟалаӡом мшызаҵәыкгьы ҳаибашьцәа рфыхаҵара зцу. Убри аҟнытә иаҳҭаххеит аныҳәамшқәа ирылагӡаны иҟаз агәалашәаратә рыцхә ҳалацәажәарц, иҳацәҭахаз аҵеицәа ҳгәалаҳаршәарц. Иагьаԥшьаҳгеит егьырҭ алахьеиқәҵаратә мшқәа раан еиԥш абра ҳааины абаҟа ҳамҵахырхәаларц", - инаҵишьит Гагра араион ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.

© Foto / Музаффар ОстановВозложение в Гагре
Ианвартәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Возложение в Гагре

 

Ажьырныҳәатәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәарц ашәҭшьҭаҵара ацеремониа рҽаладырхәит аибашьра аветеранцәеи, анаплакқәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа гәыԥҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0