Логәуа: авольтҳарак цәаҳәа Аҽгәара аремонт Егрынтәи иаауа афымцалашара апроблема аӡбуеит

CC0 / / ЛЭП
ЛЭП - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҽгәаратәи авольтҳарак фымцацәаҳәа ареспублика зегьы лашарала еиқәнаршәоит ЕгрыГЕС аҟынтәи ишиашо 220 вольт аашьҭуа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik. ЕгрыГЕС аҟынтәи ишиашо 220 вольт аазышьҭуа Аҽгәаратәи авольтҳарак цәаҳәа аремонт Егрынтәи иаауа афымцалашара апроблема аӡбуеит ҳәа иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа абри аҭыԥ аҿы аинспекциа анымҩаԥигоз.

Аҽгәаратәи авольтҳарак фымцацәаҳәа аусура аҭагылазаашьа апроблема иадҳәалоуп ааигәа ареспублика абжеиҳара лашарада аанхара ҳәа иҳәеит Логәуа.

"Аҽгәаратәи авольтҳарак фымцацәаҳәа аҭагылазаашьа даара игәкажьгоуп. Ишыздыруа ала, 2018 шықәса рзы аҭагылазаашьа аиӷьтәразы адгаларақәа ҟаҵан. Вариантк – ацәаҳәақәа рыԥсахроуп. Уи иақәхарџьтәхоны иԥхьаӡан 80-90 миллион мааҭ. Аҩбатәи авариант – иныҭкаау ареконструкциа. Уи иаҭаххоны ишьан 180- 200 миллион мааҭ", - иҳәеит Логәуа.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа АУН "Амшынеиқәафымцамч" анапы ианылҵеит арҭ асметақәа иактуалу ахәԥсақәа еиҿдырԥшырц. Логәуа иазиԥхьаӡоит ишьаҭанкылоу ареконструкциа еиҳа еиҵоу харџьхоит, избанзар аамҭа-аамҭала аремонтҟаҵара еиҳагьы аԥара агоит ҳәа.

Михаил Логәуа иажәақәа рыла аремонт азыԥхьагәарҭоит ЕгрыГЕС анаанкылахо аамҭазы. Усҟантәи аамҭазы Аԥсны фымцалашарала Урыстәыла еиқәнаршәоит, ЕгрыГЕС аҟынтәи афымцалашара аиураан Аҽгәаратәи АҲ рыда ԥсыхәа ҟалом.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0