Гагра илеиз ақәа амца арцәараҿ усҟак иамыхәеит

© Foto / Instagram/dblinov_photo_moscowЛесные пожары в Гагре
Лесные пожары в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра акәша-мыкәша абнарақәа амца ркит ажьырныҳәа 4 рзы, ҩаха рышьҭахь иара лбааит ареспубликатә трасса Ԥсоу - Егры ахь.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik. Гагра абнабылрақәа макьана идмырцәаӡацт ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагреи Гагра араиони абылраҽацәыхьчара-аиқәырхаратә штаб аиҳабы Давид Бганба.

"Амца макьана ирцәам, избанзар абылра иаҿу абнара иаҵанакуа аҵакыра дууп, аха ауаа реиланхарҭақәа акгьы рԥырхагам. Илеиз ақәа усҟак иамыхәеит, амца аҽеиҵыхра иаҳа иарԥсыҽит умҳәозар", - иҳәеит Бганба.

Иара иажәақәа рыла, макьана амца иамҽханакыз аҵакыра шаҟа ыҟоу атәы аҳәара уадаҩуп, аха инықәырԥшшәа 100 гектарк раҟара ыҟоуп. Уажәы Мамзышьха амца акуп, егьырахь зегьы ырцәоуп.

Гагра акәша-мыкәша абнара амца акит мчыбжьык аԥхьа. Ажьырныҳәа 6 ашьыжь амца лбааит ареспубликатә трасса Ԥсоу - Егры ахь, уи амшала ахаҳә леиуа иалагеит. Анаҩс аҭагылазаашьа уадаҩхеит асанатори "Москва" азааигәара, аха уа амца аанкылара рылшеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0