Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа алагалоуп жәабран 10-нӡа

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация с коронавирусом в городах России
Ситуация с коронавирусом в городах России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку Акоординациатә штаб 2021 шықәса жьҭаарамза 15 рҟынӡа аԥкыратә уснагӡатәқәа рыҿҳәара иацҵазарц абжьгара ҟанаҵеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит 2021 шықәса жәабранмза 10 рҟынӡа ауааҧсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа ирыцҵазарц Адҵа. Абри атәы аҳәоит ахада исаит.

Адҵа инақәыршәаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны иҟалаӡом рымҩаҧгара: 

  • ашколқәраҟынӡатәии азеиԥшҵаратәи еиҿкаарақәа русура урҭ реиҿкаара-зинтә формеи рхатәтәратә формеи ирыхьмырԥшыкәа;
  • ауаажәларратә крыфарачара аобиектқәа (аресторанқәа, акаҳуажәырҭақәа, абарқәа уҳәа) русура, аҩныҟа афатә назго рыда;
  • ачарақәа, аныҳәақәа уҳәа егьырҭ амассатә уснагӡатәқәа абанкеттә залқәеи егьырҭ ауаажәларратә крыфарачара аобиектқәеи рҿы рымҩаԥгара;
  • амассатә, аспорттә, арлахҿыхратә, алабаратә, ацәыргақәҵатә усмҩаҧгатәқәа ахыбрақәа рыҩныҵҟа рымҩаԥгара;
  • акультура аусҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, акультуратә центрқәа, акультура ҩынқәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатә залқәеи) русура;
  • афитнес-центрқәа, азалқәа, аӡсарҭатә бассеинқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа русура;
  • арҵаратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, арепетициатә секциақәа русура;
  • акомпиутортә залқәа, абоулингқәа, ахәыҷтәы хәмарырҭатә центрқәа, егьырҭ аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа русура.

Ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны рыҟазаараан, ауаажәларратә транспорти атаксии рҿы ахыхьчаратә хархәагақәа ахархәара.

Ауааԥсыра ирабжьгоуп.

  • Абжьгара ҟаҵоуп алахьеиқәратәи агәаларшәагатә усмҩаҧгатәқәеи зыҽрылазырхәуа ахаҿқәа рхыҧхьаӡара аԥкразы;
  • Абри аамҭазы икоммерциатәуи иккоммерциатәыми аиҿкаарақәа ирабжьгоуп руалафахәы рызныжьны 60 шықәса ирҭысхьоу, ашколқәраҟынӡатәии алагарҭатә школқәреи (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоу русзуҩцәа рхы иақәиҭыртәырц 2021 шықәса жәабран 10-нӡа рулафахәы рызныжьны.

Аҟәа ақалақьи араионқәеи рҟны афатә, ақыҭанхамҩатә, ацәамаҭәатә џьармыкьақәа рҟны жәабран 10 рҟынӡа аусура еиҿкаатәуп аҭыԥантәи ахадарақәа  иҳәаақәырҵо аграфик инақәыршәаны. Аусуҩцәа иныҟәыргалароуп асабрадақәа, анапхаҵақәа. Есыҽны имҩаԥгалатәуп апрофилактикатә рзҩыдара.

Араионқәа рхадарақәа еиҿыркаароуп есыҽнтәи арзҩыдаратә усурақәа ауаажәларратә транспорт аҿы, атранспорт арныҟәцаҩцәа асабрадақәа рҿазароуп, амедицинатә напхаҵақәа ныҟәыргозароуп. Иара убасгьы иҟалом ахыхьчага зхы иазмырхәо апассаџьырцәа рныҟәгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0