Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус аҟынтәи иҽихәышәтәит

© Sputnik / Марианна Кубрава Встреча Аслана Бжания с сопредседателями Женевских дискуссий
Встреча Аслана Бжания с сопредседателями Женевских дискуссий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 27 рзы Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус шидбалаз еилкаахеит. Атәыла ахада инапынҵақәа адистанциала инаигӡон.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа акоронавирус-чымазара далҵит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аслан Бжьаниа ПЦР-тестқәа ҩба дырхыжьын COVID-19 имоу имаму ашьақәыргыларазы. Атестқәа ишьақәдырӷәӷәеит ачымазара ицәа ишалҵыз.

Аҳақьымцәа иабжьыргеит инагӡаны дшьақәгылаанӡа иофициалтә резиденциаҟынтә иусура мҩаԥигаларц.

Ԥхынҷкәын 27 рзы Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус шидбалаз еилкаахеит. Аҳәынҭқарра ахада иҟны иҟоу аусбарҭа аиҳабы Атәыла ахада игәабзиара ҭышәынтәалоуп, иахәҭоу ахәышәтәра иоуеит, инапынҵақәа адистанциала инаигӡои ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Абри ашьҭахь, аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 ицәа иалоуп ҳәа адырра ҟалеит ԥхынҷкәын 30 рзы. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Гәдоуҭатәи аковидтә хәышәтәырҭахь днаган. Ажьырныҳәа 7 рзы Александр Анқәаб ихәышәтәразы Урыстәылаҟа ишьҭра ахәҭоуп ҳәа рыӡбеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҳақьымцәа рконсилиум ашьҭахь, ичымазара аҽарӷәӷәара аҽацәыхьчаразы. Аҳақьымцәа ирыԥхьаӡеит, Анқәаб иҭагылааашьа бжьаратәуп, аха интенсивла ахәышәтәра иҭахуп ҳәа. Ажьырныҳәа 8 раахыс иара иҽихәышәтәуеит Урыстәыла Афедералтә медико-биологиатә маҵзура ахәышәтәырҭаҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0