Урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа Аԥсны ҵыԥх аасҭа сынтәа аоперациақәа еиҳаны имҩаԥыргеит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭмиссия карт национальной платежной системы "Мир" началась в России.
Эмиссия карт национальной платежной системы Мир началась в России. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аԥарашәаратә система "АԤРА" урыстәылатәи аԥарашәаратә система "МИР" абанктә хсаалагақәа рымаҵ аура иалагеит 2019 шықәсазы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Ажьырныҳәа 1 инаркны ажьырныҳәа 10 рҟынӡа Аԥсны урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа рыла аоперациақәа ҵыԥхтәи арбагақәа ираԥыргеит 88,3 миллион мааҭ рыла (69,5%) ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Абанк асаит.

Урыстәылатәи ахсаалагақәа зку аныҳәамшқәа раан 216,0 миллион мааҭ рыхәԥса аоперациа ҟарҵеит, аԥарашәаратә система "Мир" ала - 38,3 миллион мааҭ рыхәԥса.

Атранзакциақәа рзеиԥш хышәаҵышәа 126,9 миллион мааҭ (58,8%) атауарқәеи амаҵзурақәеи ирыхшәаан, абанкоматқәа ирҭыган анапынҵа 89,1 миллион мааҭ (41,2%).

Уаанӡатәи адыррақәа рыла 2020 шықәсазтәи асистема "Мир"́ аоперациақәа идыртәеит 1,2 миллиард мааҭ. Уи хынтә рыла 2019 шықәсазтәи арбагақәа - 408 миллион мааҭ - иреиҳауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0