Аԥсны акоронавирус здырбалаз рхыԥхьаӡара жәанызқьҩык иреиҳахеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСдача анализов на коронавирус не выходя из машины
Сдача анализов на коронавирус не выходя из машины  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 522-ы атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 141-ы акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10102-ҩык ыҟоуп, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ргәы бзиахеит 7808-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 143-ҩык.

Ажьырныҳәа 11 рзы аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны лыԥсҭазаара далҵит 1950 шықәса рзы ииз апациентка, илзышьақәырӷәӷәан адиагноз хада - "акоронавирустә инфекциа ҿыц", иара убас зыҽзыруадаҩыз ачымазара хада "ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра".

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 111-ҩык, урҭ рахьтә 96-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 31-ҩык, ибжьаратәуп - 47-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 25-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 35-ҩык, агоспиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 49-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0