Аԥсны аџьармыкьақәа русура аграфик алагалоуп COVID-19 иахырҟьаны

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский рынок перед закрытием на карантин
Сухумский рынок перед закрытием на карантин  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит жәабранмза 10 рҟынӡа ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа ирыцҵазарц Адҵа. Аԥкрақәа ирыҵаркуеит ацәамаҭәеи афатәи рџьармыкьақәа русура.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15-Sputnik. Аԥсны араионқәа рнапхгаҩцәа реиҳараҩык ишьақәдырӷәӷәеит ацәамаҭәеи афатәи рџьармыкьақәа русура аграфик. Ашәахьа еилкаахоит тҟәарчалтәи аџьармыкьа аус анауа амшқәа.

Совещание руководителя администрации президента по эпидситуации и энергетике - Sputnik Аҧсны
Аԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит

Уи аԥхьа Аҟәа ақалақьа ахадара иаанацҳауан, аҟәатәи аџьармыкьа хада аус аулоит мчыбжьык ахь ҩынтә: аԥшьашеи асабшеи. Ацәамаҭәатә џьармыкьа "Ахәаахәҭратә комплекс "Сухумприбор" аус аулоит аҩашеи амҽышеи.

Гәдоуҭа, атәыла ахада иусԥҟа инақәыршәаны, аџьармыкьа амшқәа ҳәа ишьақәдырӷәӷәеит-аҩашеи ахәашеи.

Гагреи Пицундеи аџьармыкьа амшқәа ҳәа аграфик аларгалеит- аԥшьашеи асабшеи. Аџьармыкьақәа реиҳабацәа ирабжьгоуп ахылаԥшра арҭарц арзҩыдаратә уснагӡатәқәа, иара убас аус зуа ирыдҵоуп асбрадақәеи анапхаҵақәеи рныҟәгара.

Очамчыра араион ахада Станислав Амҷба иҳәеит, очамчыратәи аџьармыкьа аус аулоит- ахашеи амҽышеи. Уажәазы араион анапхгара ақәҵара адкыларазы аҽазыҟаҵара иаҿуп, аԥкрақәа рынагӡашьа ахылаԥшра аиҭалоит араион аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелиа. Абри аграфик ала аус аулоит галтәи аџьармыкьагьы.

Тҟәарчалтәи аџьармыкьаҟны аремонтә усурақәа мҩаԥыргоит, уи аҟнытә уаанӡа мчыбжьык хымш аус ауан. Тҟәарчала араион ахада Исидор Дочиа иажәақәа рыла, ашәахьа еилкаахоит тҟәарчалтәи аџьармыкьа аус анауа амшқәа.

Абри аграфик ала аԥснытәи аџьармыкьақәа аус рулоит жәабран 10-нӡа. Аусуҩцәа иныҟәыргалароуп асабрадақәа, анапхаҵақәа. Есыҽны имҩаԥгалатәуп апрофилактикатә рзҩыдара. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа ирыцҵазарц Адҵа инапы аҵаҩит ажьырныҳәа 12 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0