2020 шықәсазы шәахтә ҳасабла Аԥсны абиуџьет иалагалан 2,5 миллиард мааҭ

CC0 / / Налоги
Налоги - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтәқәа ралалара аплан иарбан ҩ-миллиардки 789 миллион мааҭ аԥара, инагӡан– 89,8% рыла.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15-Sputnik. Шәахтә ҳасабла ареспублика абиуџьет иалагалан 2,5 миллиард мааҭ 2020 шықәсазы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра.

2019 шықәсазы ареспублика абиуџьет иалагалан ҩ-миллирдки 586 миллион мааҭ ашәахтәарақәа.

Ԥхынҷкәынмза, 2020 шықәсазы Аҟәеи араионқәеи рҟынтә иалагалаз ашәахтәшәарақәа иартәеит 273 миллион мааҭ, аплан иарбан 281 миллион мааҭ. Аплан анагӡара- 97,2%.

Атәыла араионқәа ршәахтә лагалақәа ԥхынҷкәынмзатәи рырбагақәа:

  • Аҟәа -планла иазгәаҭан 172,9 миллион мааҭ, иаланагалеит 172, 5 миллион, инагӡоуп 99,8%
  • Гагра араион -планла иазгәаҭан 46,8 миллион мааҭ, иаланагалеит 36,2 миллион, инагӡоуп 77,4%
  • Гәдоуҭа араион -планла иазгәаҭан 22,7 миллион мааҭ, иаланагалеит 22,1 миллион, инагӡоуп 97%
  • Аҟәа араион -планла иазгәаҭан 4,5 миллион мааҭ, иаланагалеит 6 миллионк, инагӡоуп 133,4%
  • Гәылрыԥшь араион -планла иазгәаҭан 9,7 миллион мааҭ, иаланагалеит 11,4 миллион, инагӡоуп 117,9%
  • Очамчыра араион -планла иазгәаҭан 14,1 миллион мааҭ, иаланагалеит 13 миллион, инагӡоуп 92,3,9%
  • Тҟәарчал араион -планла иазгәаҭан 3,8 миллион мааҭ, иаланагалеит 4,3 миллион, инагӡоуп 109,3,9%
  • Гал араион -планла иазгәаҭан 6,2 миллион мааҭ, иаланагалеит 7,4 миллион, инагӡоуп 118,3%

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0