Аҟәа афымцалашара лассы-лассы арцәара амзызқәа ирылацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМайнинг в Абхазии
Майнинг в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны иахьаҵанакуа алашараиуразы аԥкрақәа аланагалеит атәыла аенергосистема ахьанҭарақәа инарыдҳәаланы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Аҟәа еиуеиԥшым ахәҭақәа рҿы афымцалашара арцәара Афымцатәҳақәа русбарҭа аусзуҩцәа имҩаԥырго аусурақәа ирыдҳәалоуп ҳәа иҳәеит аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал, арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

"Ҩ-сааҭктәи арцәара  еиҳа-еиҳа изцыло ахьанҭарақәа ирыдҳәалоуп. Атрансформатортә мчхара аназымхалак, аԥкратә режим алаагалоит", - иҳәеит Џьынџьал.

Иара иазгәеиҭеит алашарарцәара аграфик шышьақәыргылам, аҭагылазаашьа иаҿырԥшны ишымҩаԥырго.

"Алашара арцәара аграфик ыҟам. Аҭагылазаашьа ишаҳәо еиԥш иҳарцәоит. Ҩымш ҵуеит ацәаҳәа "Синоп" аҿы акабельтә ԥхасҭа аҭыԥ амоижьҭеи, уи афидер №7 ауп. Иароуп ақалақь ахәҭак лашарала еиқәзыршәо. Аусурақәа ирҿуп ажьырныҳәа 19 ауха асааҭ жәаба иаркны. Макьанагьы аиԥҟьара ахьыҟалаз аҭыԥ шьақәыргылам", - иҳәеит иара.

Линии электропередач подстанции на горном хребте Удокан в Забайкалье. - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара аиуразы аԥкырақәа аланагалоит

Иара иажәақәа рыла, Аҟәа ауааԥсыра 10-15% лашарада иаанхоит. Синоп иҟалаз авариа иахҟьаны Ацҳа ҟаԥшь иаркны Воронов имҩа аҟынӡа ауаа лашарада иҟоуп. Уи адагьы Алашарбага араион аҿы атрансформатор ԥхасҭахеит. Аелектрикцәа уи аԥсахра иаҿуп ҳәа иҳәеит иара.

"Аамҭа-аамҭала асхема ҳаԥсахуеит. Алашарбага араион аҿы аграфик ыҟоуп - ԥшьба-ԥшьба сааҭ рыбжьара ҩба-ҩба сааҭ идырцәоит алашара. Аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ибааԥсхоит", - иҳәеит Џьынџьал.

СУЕС аиҳабы иҳәеит ауааԥсыра амаинингқәа аҿырхаанӡа аҭагылазаашьа аҽшеиҭанамкуа.

Анаплакы аиҳабы иазгәеиҭеит алашара арцәара аенергетикатә техника акыр ишаԥырхаго.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0