Асанитартә ҳақьым хада аколлективтә иммунитет ҟамлар ауеит ҳәа илыԥхьаӡоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюдмила Скорик
Людмила Скорик  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 20 рызтәи адыррақәа рыла, Аԥсны пандемиа ҟалазар 10875 коронавирус хҭыс аҭыԥ рымоуп, 154-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 8701-ы ргәы бзиахеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик Аԥсуа телехәаԥшра аефир ала илҳәеит ареспубликаҿы аколлективтә иммунитет ҟамлар ауеит ҳәа.

Измеряют температуру  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҿагыларатә усмҩаԥгатәқәа 400 миллион мааҭ рҟынӡа ақәнарӡит Аԥсны

Лара лажәақәа рыла, G агәыԥ иатәу ацәеижьҿагылақәа реиҳарак ачымазара ашьҭахь аҩбатәи амзазы ауп ианцәырҵуа, иагьыӡуеит фымз рышьҭахь.

Скорик иазгәалҭеит аколлективтә иммунитет ақәгәыӷра ишаԥсам, лара иара убасгьы илҳәеит ҩынтә-ҩынтә ачымазара зыхьуа шыҟоу.

Зынӡа адунеи аҿы 93 миллионҩык COVID-19 роухьеит. Ииасыз амчыбжь азы ачымазцәа рхыԥхьаӡара 4,7 миллионҩык рыла еиҳахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0