Аҟәатәи анаплакыҩцәа акарантин аан арендатә хәԥса ашәараҟынтәи рхы иақәиҭтәуп

© Sputnik / Леон Адлейба Администрация города Сухум
Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы аԥкрақәа жәабран 10 рҟынӡа ирыцҵоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҟәатәи анаплакыҩцәа акарантин арендатә хәԥса ашәараҟынтәи рхы иақәиҭтәызарц. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Ари аҩыза аӡбамҭа идикылеит COVID-19 иахҟьаны аекономикатә цәыӡқәа реиҵатәразы.

Адокумент инақәыршәаны арендатә хәшәараҟынтәи 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны хәажәкыра 31 рҟынӡа рхы иақәиҭтәуп Аҟәа ахадара амуниципалтә мазара арендала измоуи амуниципалтә усбарҭақәа рмазара аоперативтә напхгараз измоуи. Арендатә хәшәараҟынтәи рхы иақәиҭтәуп акрыфарачара, афитнес-центрқәа, аспортзалқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа, амассажтә кабинетқәа ныҟәызго анаплакытә субиектқәа.

Амуниципалтә унитартә наплакқәа ирабжьгоуп арендаҭаҩцәа акарантин аан арендатә хәшәараҟынтә рхы иақәиҭыртәырц.

Аусԥҟа анагӡашьа ахылаԥшра инапы иануп ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.

Аусԥҟа амчра аиуит анапы анаҵаҩха амш инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0