Бжьаниа амаинерцәа ахараԥса рықәҵаны рмаругақәа рымҳхуеит иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСовещание Аслана Бжания по энергетике
Совещание Аслана Бжания по энергетике  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилацәажәара иалахәын Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа, ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Изакәанымкәа мегаваттк афымцалашара ахархәаразы ахараԥса иартәоит миллионки бжаки мааҭ ҳәа иҳәеит аилатәараҟны Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы.

Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада мчыбжьык аамҭа риҭеит афымцалашара ахархәара аларҟәразы

Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит иааиуа ашәахьаҽны Апарламент ахь инарышьҭраны ишыҟоу абри азы азакәанԥҵаратә аԥшьгамҭа, административтә зинеилагарақәа рзы азакәанеидкылахь убри азы аиҭакрақәа аларгаларц азы.

"Ҩынтә раан абри аҩыза афакт рыдаҳбалар, рмазара аанкыланы ирымҳхуеит, иара убас ашьаус иақәыршәахоит. Агәра ганы сыҟоуп абри аҭагылазаашьа ҳнапахьы аагара шҳалшо. Аҭагылазаашьа акыр ишәарҭоуп, убри азы уи уамашәа иҳамбароуп", - иҳәеит ахада.

Бжьаниа иазгәеиҭеит иара хаҭала дшахылаԥшло атәылаҿы афымцамч ахархәара аларҟәразы иҟаиҵаз адҵа анагӡашьа, иара убас Аҳәынҭқарратә шәарҭадаразы амаҵзурагьы дрыҳәеит абри аганахьала аусурақәа шцо азы адырра ирҭаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0