Гәдоуҭа араион иалагалоуп аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик

© Sputnik / Томас ТхайцукДиспетчерская черноморэнерго
Диспетчерская черноморэнерго  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны араионқәа зегьы рҿы иаԥҵоуп аштабқәа, урҭ русура афымцамч ахархәара аиҵатәра иазырхоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23-Sputnik. Афымцамч ахархәара аиҵатәразы Гәдоуҭа араион иалагалоуп аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик, абри атәы иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа.

"Ари аграфик алагалоуп афымцамч ахархәара аиҵатәразы. Афымцалашара арцәара аамҭа џьбараӡам, иара уи ҳақәныҟәап ҳәа ҳгәыӷуеит, иҟалоит арцәара аамҭа аиҵатәра ҳалшаргьы",- иҳәеит Гагәылиа.

Гәдоуҭа араион иалагалоу аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик абас иҟоуп:

  • асааҭ 00:00 инаркны 02:00, иара убас асааҭ 16:00 -18:00- астанциа маҷ Гәдоуҭа, афымцацәаҳәа - Кьараз, Бамбора, гагратәи амҩа
  • асааҭ 02:00 инаркны 04:00- астанциа маҷ Гәдоута актәи асекциа, астанциа маҷ Лыхны
  • асааҭ 04:00 инаркны 06:00, иара убас асааҭ 12:00 -14:00- астанциа маҷ Афон Ҿыц аҩбатәи асекциа, астанциа маҷ Гәдоуҭа аҩбатәи асекциа
  • асааҭ 08:00 инаркны 10:00, иара убас асааҭ 14:00 -16:00- астанциа маҷ Афон Ҿыц актәи асекциа, астанциа маҷ Мҵара
  • асааҭ 18:00 инаркны 20:00- астанциа маҷ Гәдоуҭа-актәи атсанциа, астанциа маҷ Лыхны, афымцацәаҳәа Блабырхәа
  • асааҭ 22:00 инаркны 00:00- астанциа маҷ Гәдоуҭа, афымцацәаҳәақәа:ахәыҷбаҳча, ТП-11, аҩныеихагылақәа, астанциа маҷ Мысра.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә кризис иазкны. Ахада адҵа ҟаиҵеит араионқәа рҿы аштабқәа аԥырҵарц, урҭ русура афымцамч ахархәара аиҵатәра иаздырхарц.

Бжьаниа афымцамч ахархәараз арбагақәа ааигеит, урҭ инарықәыршәаны, 2020 шықәса рзы иҟаз ахархәара 2019 шықәсатәи ахархәара иаҿырԥшны 21 процент еиҳахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0