Sputnik амчыбжь: ЕгрыГЕС аанкылара, асубтропикқәа рҟны асы, амаинерцәа рышьҭашәарыцара

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонт деривационного тоннеля на ИнгурГЭС
Ремонт деривационного тоннеля на ИнгурГЭС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ииасыз амчыбжь азы иналукаашаз ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.

Амчыбжь ахҭыс хадақәа – ЕгрыГЕС аанкылара, Аԥсны ахада иҟны аилацәажәара, COVID-19 зманы Москва ахәышәтәырҭа иҭоу атәыла аԥыза-министр  иҭагылазаашьа уҳәа Sputnik ахҳәааҿы.

Илана Амқәабԥҳа, Sputnik

COVID-19 иаҿагыланы ақәԥара

Аҟәа амбулатортә центр аҿы аусура иалагеит COVID-19 змоу ацхыраара рыҭаразы амобилтә бригада. Амедусзуҩцәа зхала амедусҳәарҭахь изымнеиуа рыҩны инеины иахәҭоу апроцедурақәа рзыҟарҵоит.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Аԥсны COVID-19 ачымазцәа зхәышәтәуа амедусзуҩцәа хә-миллионк инареиҳаны ирызшәоуп

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь ареспубликахь иаашьҭын акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы ажьырныҳәа 18 рҟынӡа. Абри аамҭазы ара хә-нызқь инарзынаԥшуа ПЦР-ҭҵаара мҩаԥган. Уажәы ареспублика иҟанаҵаз аҳәарала амобилтә госпиталь аусура иацнаҵоит.

Агәабзиарахьчара аминистрра амедаль "Аџьынџьтә гәабзиарахьчара аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы" иананашьеит агоспиталь аиҳабы Абдулмеџьид Магомедов Аԥсны акороновирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥаразы.

Урыстәыла акоронавирустә инфекциаҟынтә зҽызхәышәтәуа Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥсабаратәымкәа арԥҳақәа аҳауарҭарсга (ИВЛ) изышьақәдыргылеит ҳәа адырра ҟалеит ажьырныҳәа 18 рзы.

Ажьырныҳәа 20 рзы Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы  иҳәеит Александр Анқәаб иҭагылазаашьа ихьанҭоуп ҳәа ишшьоу.

Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 ицәа иалоуп ҳәа адырра ҟалеит ԥхынҷкәын 30 рзы, ажьырныҳәа 4 рзы иара Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа дҭашәеит. Хымш рышьҭахь аҳақьымцәа рконсилиум иаӡбеит москватәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь иҽыхәышәтәра иациҵарц.

Аԥсны  апандемиа иаалагазар коронавирус аҿагылара иақәырӡуп 400 миллион мааҭ ҳәа ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы.

Ажьырныҳәа 23 азтәи адыррақәа рыла Аԥсны авирус рыдбалоуп 11158-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 159-ҩык, ргәы бзиахахьеит 8947-ҩык.

ЕгрыГЕС аремонти амаинерцәа рышьҭашәарыцареи

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт азуразы аусура аанкылан ажьырныҳәа 20 рзы. Абри аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа урыстәылатәи афымцалашарала еиқәыршәахоит.

Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны
ЕгрыГЕС атоннель аремонт азура иалагеит

Ажьырныҳәа 19 рзы АУН "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанннаҵеииит  атәыла аенергосистема ахьанҭара иақәу инадҳәаланы  аԥкырақәа алагалахоит ҳәа. Иара абри амш азы астанциа маҷ "Гәдоуҭа-1" аҟны авариа ҟалеит афымцацәаҳәақәа ирықәу аидара иахҟьаны.

Ажьырныҳәа 19 инаркны "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара ауааԥсыра рзынашьҭра ԥнакуа иалагеит аенергосистема ахьанҭара ахьацлаз азы аҳҭнықалақь аҿгьы. Афымцацәаҳәа "Синоп" аҿы афидер №7 акабель тҟәацит. Уи иахҟьаны Аҟәа ауааԥсыра 10-15%, Ацҳа ҟаԥшь иаркны Воронов имҩа аҟынӡа ауаа лашарада иҟан.

Аԥсны иазымхар ҟалоит иззеиқәшаҳаҭханы урыстәылантәи иаауа 800 миллион киловатт сааҭ афымцалашара ҳәа иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа ажьырныҳәа 20 рзы Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо. Афымцалашара азымхара мзызс иамоу ареспубликаҿы иара ахархәара ҳарак ауп.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә кризис иазкны. Бжьаниа афымцамч ахархәараз арбагақәа ааигеит, урҭ инарықәыршәаны, 2020 шықәса рзы иҟаз ахархәара 2019 шықәсатәи ахархәара иаҿырԥшны 21 процент еиҳахеит.

Сувенирная монета с логотипом криптовалюты биткоин. - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа ажәалагала ҟаиҵеит закәаншьаҭада акриптовалиута аиуразы аҭакԥхықәра рӷәӷәазарц

Атәыла ахада араионқәа реиҳабацәа дҵаны рҿаԥхьа иқәиргылеит мчыбжьык иалагӡаны афымцалашара ахархәара аларҟәразы иҟоу апроблема ӡбахарц.

Закәаншьаҭада акриптовалиута аиура аҿагылара азҵааразы Аԥсны араионқәа зегьы рҿы иаԥҵоуп аоперштабқәа. Закәаншьаҭада акриптовалиута аиура аҿагыларазы анагӡаратә план алацәажәаразы аоперштабқәа есыҽны аилатәара мҩаԥыргалоит, иара убас инарыгӡаз аусқәа раҳасабырба Аԥсны Ахада Иусбарҭахьи Аминистрцәа реилазаарахь инарышьҭларц адҵа рыҭоуп.

Мчыбжьык аҩнуҵҟала араионқәа рҿы афымцалашара ахархәара аларҟәра алымшар, араионқәа рхадацәа, амилициа, апрокурорцәа лахь рыҭахоит. Егьи иааиуа ашәахьазы аҭагылазаашьа аҽеиҭанамкыр – русура иамххоит ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы аилацәажәараҿ.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажәалагала ҟаиҵеит закәаншьаҭада акриптовалиута аиуразы аҭакԥхықәра рӷәӷәазарц Апарламент адепутатцәеи иареи реиԥылараан ажәырныҳәа 22 рзы. Изакәанымкәа мегаваттк афымцалашара ахархәаразы ахараԥса иартәоит миллионки бжаки мааҭ.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР уахыки-ҽнаки рыла 25 мегаватт афымцамч згоз амаининг хархәагақәа аҿырхит

Ашәахьаҽны Апарламент ахь инашьҭхоит административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагалара азԥхьагәазҭо азакәан апроект, хаҭала акриптовалиута закәаншьаҭада аиуразы ахараԥсақәа акыр рышьҭыхра, ахархәагақәа рымхра, иамуаны ианыҟоу - ашьаустә ҭакԥхықәра рықәҵара.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иазгәеиҭеит акриптофермақәа закәаншьаҭада афымцацәаҳәақәа аҽрыԥшьра апроблема аӡбара ишадыԥхьалоу амчратә еилазаарақәа русзуҩцәа реиԥш "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәагьы, араионқәа рхадацәагьы. Иара агәра ганы дыҟоуп ахада рҿаԥхьа иқәиргылаз аус аӡбара шалшо жәҩахыреибыҭала аусураан.

Ажьырныҳәа  24 рзы Аԥсны ААР имҩаԥнагаз амассатә реид аан 25 мегаватт ззеиԥшмчхара наӡоз акриптофермақәа аанкылан.

Асубтропикқәа рҿы асы

Ашәахьа, ажьырныҳәа 18 ахәылбыҽха асоура иалагеит Аԥсны иахьаҵанакуа. Гәдоуҭеи Аҟәеи араионқәа рҿы ареспубликатә трассаҿ иқәҵааит. Анхәа лыбз ҳәа иахьашьҭоу амашьынақәа рныҟәара ырманшәалан Алада Ешыра аганахьалатәи амҩала атранспорт ахьоушьҭу иабзоураны. Амҩатә усзуҩцәагьы русқәа нарыгӡон. Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа рнапынҵақәа мҩаԥыргон, аныҟәара еиҿыркаауан.

Ақьырсиан ныҳәа

Апандемиа иахырҟьаны ажьырныҳәа 10 рҟынӡа аԥкрақәа шалагалоугьы, Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥгахеит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку анцәа имҵаныҳәара. Есышықәса Аӡаахра амш аҽни аухеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргоит.

Ареспублика асанитартә ҳақьым хада уаанӡа абжьгара ҟалҵахьан иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны аҽӡаахара рҽаладмырхәырц.

Ажьырныҳәа 18-19 рзы Аԥсны иҟоу арратә база аррамаҵзурауаагьы рҭаацәеи дареи абри аԥшьауха аӡы рыҽӡаархит.

Атурусхк аҿы аҿыцрақәа

Атуроператор TUI Урыстәыла иазԥхьагәанаҭоит афирматә ҭаацәаратә концепциа FUN&SUN атәылақәа 9 рҿы 42 отель рҟны аусура раларгара, Аԥсынгьы абрахь иналаҵаны. Раԥхьаӡа акәны ари аҩыза аҭаацәаратә концепциа Аԥсны лаҵарамзазы иӡыргахоит. Атуроператор иӡбамҭа адырҳәалоит аԥхынразы Аԥсны атуризм азы иаартхап ҳәа агәыӷра.

Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны атуризм азы аминистрра ареспублика атуристтә бренд алоготип азы амакетқәа ралхразы ирыланаҳәаз аицлабра афинал аҿы аиааиҩы далнакааит.

Туристический бренд Абхазии 1 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атуристтә бренд алоготип аус адулараз аицлабраҿ иаиааиз далкаауп

Аԥсны атуризм аминистрра ҳтәыла атуристтә бренд аус адуларазы аицлабра алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит абҵара 15 рзы. Аицлабраз иаашьҭын 54 макет. Аԥсны атуризм азы аминистрра ареспублика атуристтә бренд алоготип азы амакетқәа ралхразы ирыланаҳәаз аицлабраҿ иалнакааит ԥхынҷкәын 28 рзы жәа-макетк. Дара аминистрра асаит аҿы иқәыргылан.

Афинал ахь, ажьырныҳәа 22 рзы х-усумҭак неит. Ажиури рыбжьыҭарала аиааира игеит Санкт-Петербургтәи адизаинер, иара абжьқәа реиҳарак иоуит онлаин-бжьыҭараангьы. Аха убри аан ажиури ирҳәеит амакет еиҭа аус адулатәуп ҳәа.

Атуристка лыбжьаӡра

Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ лхабар ыҟам ҳәа Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә ҟәшахьы адырра ҟаҵан ажьырныҳәа 20 асааҭ 14:03 рзы. Гагра араион ахьчаразы амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа 1977 шықәса рзы ииз Елена Федотова лыԥшаара нап аларкит Жәаҩакәаратәи аиҩхааҿы.

Ночной рейд  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР Гагра араион аҿы Урыстәыла атәылауаҩ даныӡыз арыцхә шьақәдыргылеит

Аԥшааҩцәа аус нап адыркит, аха аамҭақәак рышьҭахь адырра роуит аҵыхәтәан аԥҳәыс дахьырбаз дара ахьыԥшаауа анҭыҵ акәын ҳәа. Абри ашьҭахь АҶА лыԥшаара иаҟәыҵит, уи лыԥшаара иацырҵеит амилициа аусзуҩцәа. Елена Федотова хабарда дыӡит ҳәа Гагра араион ААР аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасит ажьырныҳәа 18 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Аусбарҭахь адырра ҟалҵеит Федотова лҩыза, Нижни Новгород инхо. Лара илҳәеит лҩыза ажьырныҳәа 17 асааҭ 22:30 раахыс дыҟам ҳәа. Ажьырныҳәа 25 азтәи адыррақәа рыла атуристка макьаназы лхабар ыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0