Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист Уасил Царгәыш

© Sputnik / Томас ТхайцукВасилий Царгуш
Василий Царгуш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
83-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист, Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль уаанӡатәи асахьаркыратә напхгаҩы, аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара занашьаз, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Уасил Царгәыш.

Уасил Царгәыш аԥсуа культурахь илагала ду атәы Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аҳәынҭқарратә ансамбль ахь амҩа

Уасил Царгәыш диит Гәдоуҭа араион, Аҷандара ақыҭан. 1947 шықәса рзы Аҷандаратәи абжьаратә школ дҭалеит, далгеит –1958 шықәса рзы. Ашкол даналга ашьҭахь Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа адирижиортә факультет дҭалоит. 1963 шықәсазы иҵара аныхиркәша ашьҭахь Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль ахь усура ҳәа днарышьҭуеит дирижиор-хормеистерк иҳасаб ала.

Амилаҭтә музыкеи акәашареи рахь абзиабара Уасил Царгәыш дшыхәыҷыз ишьҭикаахьан. 1968 шықәса рзы Уасил Царгәыш Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль адирижиор хада, асахьаркыратә напхгаҩы ҳәа дҟалеит.

Василий Царгуш - Sputnik Аҧсны
Арадио
Царгәыш ирҿиаратә мҩа иазкны: иакәым ҟасымҵеит

Жәлар рашәақәеи рыкәашарақәеи рансамбль еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Америка, Европатәи атәылақәа, Африка, Ҭырқәтәыла уҳәа адунеи атәылақәа жәпакы ирҭаахьан.

Иинтервиуқәа руак аҿы Уасил Царгәыш еиҭеиҳәон иаб иашьцәа ҩыџьа Нестор Лакоба ихаан ансамбль аҿы ишыкәашоз.

"Аиҵбы есышықәса Қырҭтәылаҟа еиуеиԥшым аицлабрақәа дрыладырхәуан. Иеиԥш кәашаҩ дыҟамызт. Қәҭешьтәык диндаҭлон. Рҩыџьагьы еснагь аҩбатәи аҭыԥқәа ранаршьон. Ақырҭуа кәашаҩ актәи аҭыԥ рызиҭомызт – иахьахәҭанӡа днаӡомызт азы, арахь аԥсуагьы актәи аҭыԥ рызиҭомызт",- игәалаиршәон Уасил Царгәыш.

1977 шықәса рзы иара дҭалоит Гнесинаа рыхьӡ зху Москватәи амузыка-рҵаҩратә институт. 1982 шықәса рзы "жәлар рхор анапхгаҩы, адирижиор" иквалификациа иманы далгеит.

Уасил Царгәыш ихәыҷра иқыҭа гәакьаҿы ихигеит. Амузыкатә ҵараиурҭа данҭаз ашколтә хор напхгара аиҭон, иара убасгьы анапылампыл дасуан.

"Аҷандара еснагь анапылампылтә команда бзиа еиҿкаан. Лыхны, Дәрыԥшь уҳәа ақыҭақәа рҟынтәи иааны ихәмаруан. Ҳаргьы уахь ҳцалон",- еиҭеиҳәон Царгәыш.

Уасил Царгәыш изы ажәа

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа арадио Sputnik аинтервиу аҭо илҳәеит Уасил Царгәыш иԥсра гәалсра дула ишлыдылкылаз.

"Саби иареи еиҩызцәан, ҳҭаацәара дазааигәан. Ҳаб данҳаԥха даара гәыла-ԥсыла дҳавагылеит. Сара сзы уи ицәыӡра хьаа дууп",- лҳәеит лара.

Иара убасгьы иазгәалҭеит Уасил Царгәыш аԥсуа хортә ҟазара аларҵәара зџьабаа аду инарылукааша иакәны дшыҟаз.

"Уасил Царгәыш аԥсуа хортә музыкатә литература зырбеиаз композиторын. Иахьа ахор аҿы инарыгӡо арҿиамҭақәа рӷьырак иара инапы иҵыҵит",- лҳәоит Џьниаԥҳа.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хортә капелла анапхгаҩы Нора Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит аԥсуа культура ацәыӡ ду шаиуз.

"Хашҭра иқәым. Сгәыӷуеит ԥхьаҟазы ансамбль ихьӡ ахылап ҳәа", - лҳәеит лара.

Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит Уасил Царгәыш иколлектив иманы адунеи атәылақәа жәпакы дшырхысыз, аԥсуа культура шалаирҵәоз.

2001 шықәсазы акантатақәа "Хҩык афырхацәа рзы", "Иҭахаз ргәалашәараз", "Ҳан Аԥсны" рзы Уасил Царгәыш Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ианашьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0